"Жәларбжьаратәи афонд Аҧ сны" аусура иацнаҵеит апроект "Аҧеиҧш".

Апроект "Аҧеиҧш" аҳәаақәа ирҭагӡаны, Гәдоуҭа араион Дәрыҧшь ақыҭа инхо, быжьҩык ахшара зааӡо Генади Гәынбеи, Амина Цымцҧҳаи, афонд ахьӡала ацхыраара рыҭан. Ари аҭаацәара ду аҿы ирызҳауеит хәҩык аҭыҧҳацәеи, ҩыџьа арҧарцәеи: Милана, Мариана, Миранда, Минадора, Мадонна, Кадыр, Камыгу. Зегьы иреиҳабу 14 ш. лхыҵуеит иреиҳабу ҧшьышықәса. Гәынаа рҭаацәа аҳамҭақәа рыманы ирҭааит афонд амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳа, афонд ахьӡала Гәдоуҭатәи ахаҭарнак Саида Кәарацхьелиаҧҳа, Мџьыҭ Гогәуа. Аҭаацәа рхада Гена Гәынба, аофициалла џьаргьы аус иуӡом, аҩнтәи аусқәа ныҟәигоит. Ахшара ран Амина Цымцҧҳа, лыхшара дрыхӡыӡаауа илааӡоит. 
"Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳаи, афонд Гәдоуҭатәи ахаҭарнак Саида Кәарацхьелиаҧҳаи , Гәынаа рҭаацәа агәабзиара рзеиӷьашьо ҳамҭас ирырҭеит ателевизор, агазтә плита, аӡыршыга абак, аӡын азы арҧхага, ачаиник, авентелиатор, аблендер, амиксер уҳәа, абзазаратә маҭәахәқәа маҷымкәа. 
Ахшара рацәа ран, афонд ахадареи, ахаҭарнакцәеи ҭабуп ҳәа ралҳәеит иҟарҵаз ацхыраара ду азы. Агәыӷрагьы аалырҧшуеит лыхшара уи еилыркаауа иҟалап, рыҧсадгьыли рыуаажәлари рзы иҵеицәа бзиақәаны ирызҳап ҳәа.

Subscribe to Syndicate