Апроект «Аҧеиҧш» Ҟәланырхәа ақыҭа Аҩӡаа рҭаацәа иаҭааит
16/09 2016
Гәдоуҭа араион Ҟәланырхәа ақыҭа инхоит Аҩӡба Гәдисеи Аҧшьыцба Мирандеи рҭаацәа. Урҭ ирааӡоит хәҩык ахәыҷқәа: хҩык аҷкәынцәеи, ҩыџьа аӡӷабцәеи. Аҭаацәа ақалақь иазааигәаны иахьынхо аҟынтә, уахь усура ицеит. Ахәыҷқәа , шықәсык инаркны быжьшықәса рҟынӡа рхыҵуеит. Ранду Замира Чукба илыбзоураны, ахәыҷқәа ран аус луеит, анду ахәыҷқәа дрыцынхоит, илааӡоит.
Ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа ирызку, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго апроект «Аҧеиҧш» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҩӡаа рҭаацәа ацхыраара рыҭан. Афонд ахьӡала ҳамҭас арҭ аҭаацәа иранашьан аӡәӡәага амашьына, ателевизор, аӡазы анасос уҳәа рхы иадырхәаша амаҭәахәқәа маҷымкәа.
«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳа излалҳәо ала, ари ақыҭаҟны ахшара рацәа змоу, зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҭаацәарақәа рыҧшаараҟны ацхыраара ҟалҵеит афонд ахаҭарнак. Иара убас, ари аус дадгылеит ақыҭа ахада Рафик Ақаҩба. Анаҩс, ишьақәыргылан афонд ахьӡала, аҧхьаҟа ацхыраара зырҭараны иҟоу ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа рсиа.
«Ҳара ҳқыҭаҿы имаҷҩым ахшара рацәа змоу, ацхыраара зҭаху, џьаргьы аусурҭа змам аҧсуа ҭаацәарақәа. Сара даара садгылоит апроект «Аҧеиҧш» имҩаҧнаго аусура, аҭаацәарақәа рынхара-рынҵыраҿы рхы иадырхәаша абзазаратә маҭәахәқәа рыла адгылара ахьрышәҭо. Агәра згоит аҧхьаҟа «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи» ҳареи аусеицура шҳабжьало. Иҭабуп ҳәа шәасҳәоит !»-ҳәа азгәеиҭеит ақыҭа администрациа ахада Рафик Ақаҩба.
- Апроект « Аԥеиԥш» Ҭхьына ақыҭараҟны
- Апроект «Аԥеиԥш» аусура иацҵоуп Абгархықә ақыҭаҿы
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Дәрыҧшь ақыҭа
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Гудоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан
- Аиааира амш ныҳәазы, апроект «Аҧеиҧш» иацҵоуп Драндра аҳаблан
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Аҭара ақыҭан
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Аҟәа ақалақь
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Аҭара ақыҭан
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Аҟәа ақалақь
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Тҟәарчал ақалақь аҿы
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Гал араион
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Дранда аҳаблан
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан
- Апроект «Аҧеиҧш» Аҟәа ақалақь Воуаа рҭаацәа иаҭааит
- Апроект "Аҧеиҧш" аусура иацнаҵеит Тҟәарчал.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Гагра араион Бигәаа рҭаацәа рҿы
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Очамчыра араион Баслахә ақыҭа
- "Жәларбжьаратәи афонд Аҧ сны" аусура иацнаҵеит апроект "Аҧеиҧш".
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Гәылрыҧшь араион Агәӡера аҳабла.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Тҟәарчал.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Гәдоуҭа араион Блабырхәа ақыҭа.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура инақәыршәаны, Шарамбаиа рҭаацәа ацхыраара рыҭоуп
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Очамчыра араион Гәыҧ ақыҭан.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭа
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Бзыҧта ақыҭаҿы
- Апроект «Аҧеиҧш», Џьал ақыҭа аусура иацнаҵеит.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп.
- Апроект "Аҧеиҧш" аусура иацҵоуп.
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект ҿыц «Аҧеиҧш» аусура хацнаркит.