Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан

​Апроект «Аҧеиҧш» аҳәаақәа ирҭагӡаны,  Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭа инхо Адлеиаа рҭаацәа ацхыраара рыҭан. Аҭаацәа реиҳабы Нарсоу Адлеиба, 30 ш. дырҭымсыц, хәҩык ахшара драбуп.  Иҧшәма қәыҧш Кристинеи иареи ирааӡоит хҩык арҧарцәеи, ҩыџьа аҭыҧҳацәеи, хымз инаркны хәышықәса зхыҵуа рҟынӡа.  Дара дрыцынхоит Нарсоу иашьеиҵыбгьы.  Арҭ аҭаацәара  џьаргьы аус руам, ауалафахәы роуам, адгьыл иқәаарыхны рхы ныҟәыргоит, ашәыр-ақәыр рҭиуеит, арахә рааӡоит.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Адлеиа рҭаацәа рацәа ацхыраара рынаҭеит. Афонд ахаҭарнакцәа Асида Инаҧшьҧҳа, Роман Қаҧба, Демиан Гогәуа  урҭ ҳамҭас ирызнаргеит аӡәӡәага машьына, аӡы зладырҧхо абак, ателевизор,  уҳәа аҳамҭақәа рацәаны. Иара убас, аҧсуа ҭаацәарақәа рҿы ииуа  асабицәа рыхьӡала афонд имҩаҧнаго апроект  «Ани амаалыкьи» аҧҟарақәа инарықәыршәаны, ари аҭаацәараҿы зегьы иреиҵбу, мызқәак зхыҵуа ахәыҷы  иланашьан аҳамҭақәа.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахшара рацәа змоу Адлеиаа рҭаацәара аизҳазыӷьареи, ақәҿиарақәеи раҭәаршьеит. Нарсоу Адлеиба иакәзар, афонд иаанарҧшыз агәыҳалалразы ҭабуп иҳәеит. 

Subscribe to Syndicate