«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект ҿыц «Аҧеиҧш» аусура хацнаркит.
05/10 2015
Ауаажәларраатә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа рыцхырааразы, апроект ҿыц «Аҧеиҧш» аусура хацнаркит.
Аҧсны Аиааира 22 шықәса ахыҵра инақәыршәаны, Баслахә ақыҭа инхо, аибашьра аветеран, фҩык ахшара раб, Џьон Хьиба иҭаацәа, анхараҿы рхы иадырхәо абзазаратә маҭәахәқәа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» анапхгара ҳамҭас ирызнаргеит. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп: афатә зҭарҵо архьшәашәага, амаҭәаӡәӡәага, аҵеџь аҟынтә аӡы злахаргало афымцатә мыруга, аӡы зҭарҭәо абак, иара убас, ахәыҷқәа рзы ашкол маҭәа уҳәа ацхыраагӡатә маҭәахәқәа.
«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа излеиҳәаз ала, ахшара рацәа зааӡо аҧсуа ҭаацәарақәа ацхыраара рыҭара, рыдгылара, русура ахықәкы хадақәа ируакыуп.
«Ҳара акыр ҳалшозар, аҳәыҷқәа рзоуп изыҟаҳҵо. Ишдыру еиҧш, ақыҭаҿы ахныҟәгаразы аҭагылазаашьа уадаҩуп. Ҳара ҳфонд, абри амза инаркны аусура ҳалагеит ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа, рхәыҷкәа рааӡараҿы, рынхараҿы, рхы иадырхәаша, ирыхәаша аҳамҭақәа рыҭара. Аҧсуа хәыҷқәа, ҳара уаҵәтәи ҳҧеиҧш роуп»-ҳәа азгәеиҭеит Сенер Гогәуа.
Џьон Хьиба, 13 шықәса ракәын ихыҵуаз Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа данрывагылаз. Аибашьра анцоз аамҭазы, рыҩны рыблит. Иахьа, иҧшәма ҧҳәыс Манана Ҵурҵумиаҧҳаи иареи, изларылшо ала, анхара иаҿуп, ирызҳауеит рыхшара. Зегьы иреиҳабу абыжьбатәи акласс аҟны дтәоуп, аиҵбы мызқәак роуп ихыҵуа.
«Даара идуӡӡаны иҭабуп ҳәа шәасҳәоит иҟашәҵаз ацхыраара азы. Ҳара уи даара агәахәа алаҳхуеит. Иҳагыз-иҳабзаз ала ацхыраара ҳашәҭеит. Ҳара ҳзы уи даара акраҵанакуеит»-иҳәеит ахшара рацәа раб, Џьон Хьиба.
Баслахә ақыҭа ахада Нугзар Шьынқәба, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахадара иҭабуп ҳәа реиҳәеит имҩаҧырго асоциалтә проектқәа рзы.
Еиҳау насыҧс иҟоузеи нас, аҧсуа иашҭа ахәыҷы рацәа рыччаҧшь анықәыҩуа.
- Апроект « Аԥеиԥш» Ҭхьына ақыҭараҟны
- Апроект «Аԥеиԥш» аусура иацҵоуп Абгархықә ақыҭаҿы
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Дәрыҧшь ақыҭа
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Гудоуҭа араион Мгәыӡырхәа ақыҭан
- Аиааира амш ныҳәазы, апроект «Аҧеиҧш» иацҵоуп Драндра аҳаблан
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Аҭара ақыҭан
- «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Аҟәа ақалақь
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Аҭара ақыҭан
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Аҟәа ақалақь
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Тҟәарчал ақалақь аҿы
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Гал араион
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Дранда аҳаблан
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан
- Апроект «Аҧеиҧш» Ҟәланырхәа ақыҭа Аҩӡаа рҭаацәа иаҭааит
- Апроект «Аҧеиҧш» Аҟәа ақалақь Воуаа рҭаацәа иаҭааит
- Апроект "Аҧеиҧш" аусура иацнаҵеит Тҟәарчал.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Гагра араион Бигәаа рҭаацәа рҿы
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Очамчыра араион Баслахә ақыҭа
- "Жәларбжьаратәи афонд Аҧ сны" аусура иацнаҵеит апроект "Аҧеиҧш".
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Гәылрыҧшь араион Агәӡера аҳабла.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Тҟәарчал.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Гәдоуҭа араион Блабырхәа ақыҭа.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура инақәыршәаны, Шарамбаиа рҭаацәа ацхыраара рыҭоуп
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Очамчыра араион Гәыҧ ақыҭан.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭа
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп Бзыҧта ақыҭаҿы
- Апроект «Аҧеиҧш», Џьал ақыҭа аусура иацнаҵеит.
- Апроект «Аҧеиҧш» аусура иацҵоуп.
- Апроект "Аҧеиҧш" аусура иацҵоуп.