Оқтаи Ҷкотуа, Афонд азы агәаанагара.

Схаан исхашҭуам Ҭырқәтәылатәи ҳаиҳабы Џьамал Чқәаниа, аиҧыларак аҟны, «Австралиа аҧсыуак ишьапы амаӷ алалар, абра иҟоу ҳгәы ҳнархьуа аҟынӡа арыцҳаибашьареи, аихӡыӡаареи, аидгылареи ҳабжьазар ауп!»-ҳәа ииҳәаз иажәабжь. Аҧсуаа ҳахьыҟазаалакгьы, абарҭ ажәақәа ҳгәы иҭакызароуп.

Сара стәала, ааигәа иаҧҵоу «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» хықәкыс иамоугьы, абри аҩыза агәаанагара аҧсабараҟны анагӡара ауп. Ус анакәха, ҳмилаҭ ахеиқәырхаразы иҟаҵатәу аусқәа, аҳәынҭқарра ианбаҟанаҵари ҳәа ҳазымҧшкәа, афонд адгылареи, ацхыраареи аҭара, ҳаҧсуара иҳаднаҵаз уалҧшьоуп ҳәа сазхәыцуеит. Абри аҩыза адгылареи, ахаҵгылареи рыла, иалымшара иҟалари? Иаразнак анапы зланакыз аусқәагьы санрызхәыцлак, сара убри аганахь ала, афонд адгылара дуӡӡа адысҳәалоит. Ҳажәлар рымаҵ аураҿгьы ақәҿиарақәа аҧеиҧшхарц ҳазшаз сиҳәоит.

Subscribe to Syndicate