Октаи Чкәотуа: Ҭырқәтәыла Сириатәи аимак аҽаланагалар шәарҭоуп

Ҭырқәтәыла аоппозициа аԥхьагыла атәыла анапхгара Сириатәи аимак ахалагалара иацәиршәеит. Абри аганахьала игәаанагара Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит ҳџьынџьуаҩ Октаи Чкәотуа.

АҞӘА, ԥхн 1 – Sputnik. Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаҩ, аԥсуа мҳаџьырқәа рхылҵшьҭра Октаи Чкәотуа дадгылоит, сириатәи аимак бџьаршьҭыхла ахалагалара шәарҭароуп ҳәа атәыла анапхгара рыпланқәа ирыԥхьзырҟәҟәаауа, Ҭырқәтәыла Жәлар-рреспубликатә оппозициатә партиа хада аԥхьагыла Қьамал Кылычдароглу ипозициа.

Октаи Чкәотуа игәаанагарала, Сириа имҩаԥысуа аҩныҵҟатә еимакы егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рҽаларгалар, зынӡа хыла-гәыла еилалар алшоит.

"Сара, Қьамал Кылычдароглу ипозициа садгылаҩуп, атәым ҳәынҭқаррақәа даҽа ҳәынҭқаррак аҩныҵҟа имҩаԥысуа аимак рхы аларгалар, ибзиоу акаҟны инанагоит ҳәа сыҟам. Сириа, атеррористтә гәыԥқәа аҳәынҭқарра рнапахьы аагара иаҿуп. Ари атрагедиа шәышықәса рылагьы аҭыԥ ақәҵара залыршахом", — иҳәеит Чкәотуа.

Иара иажәақәа рыла, аханатәгьы, Қьамали егьырҭ аоппозициатә партиақәа зегьи мап ацәыркуеит Ҭырқәтәыла сириатәи аимак ахалагалара.

"Сириа имҩаԥысуа зегьы иара иаӡброуп. Қьемал Кылычдароглу аҵыхәтәантәи иҳәамҭа смаҳацт, аха иара ибзианы дыздыруеит, издыруеит аханатәгьы сириатәи аибашьра аҽалагалара ахәҭам ҳәа шиҳәо, уа иҟоу аҭагылазаашьа Сириа аҩныҵҟатәи аимак акәны дшахәаԥшуа", — ҳәа азгәеиҭеит Чкәотуа.

Ҭырқәтәыла Жәлар-рреспубликатә оппозициатә партиа хада аԥхьагыла Қьамал Кылычдароглу аҳәамҭа ҟаиҵеит  аимак ахалагалара Ҭырқәтәылазы, иара адәныҟатәи аполитикеиԥш аҩныҵҟатәи аполитиказгьы ахәшәара ду шаҭаххо, иагьациҵеит ари ахә зшәараны издыло аполитикцәа ракәымкәа ажәлар шракәхо.

"Сара еиҭасҳәоит, Ҭырқәтәыла абри авантиура иалашәымгалан ҳәа. Ҭырқәтәылазы, иара адәныҟатәи аполитикеиԥш аҩныҵҟатәи аполитиказгьы аимак ахалагаларазы ахә ҳарак ашәара аҭаххоит, иара убри аан ахә зшәараны издыло аполитикцәа ракәымкәа ажәлар ракәхоит", — ҳәа аҩашаҽны, агазеҭ Hurriyet аинтервиу иеиҭеит Кылычдароглу.

Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит Ҭырқәтәыла иахьатәи аиҳабыра азин шамам  асеиԥш зҵакы ҳараку азҵаарақәа рыӡбра, избанзар иара макьаназы иаамҭалатәуп – ҿыц иалырхыз Ҭырқәтәыла апарламент 45-мшы ирылагӡаны Аминистрцәа Реилазаара ҿыц еиҿнакаароуп. Ҭырқәтәыла аоппозициа аԥхьагыла иара убасгьы сириатәи аиҳабыра ааԥхьара риҭеит адиалогазы, атәылаҟны иҟоу бџьаршьҭыхлатәи аимак ҭынчмҩала аҭышәныртәаларазы.

[Вадим Ҳаразиа апресс-конференциаҿы. Аҭыԥантәи афото]
Ҭырқәтәылатәи абизнес маҷ-маҷ Аԥсныҟа иаауеит

Уаанӡа, арратә хыҵхырҭақәа ҵаҵӷәыс иҟаҵаны, ҭырқәтәылатәи Амассатә информациа ахархәагақәа адырра ҟарҵахьан  абуфертә зона аԥҵарази аҵыхәтәантәи аамҭазы  атеррористтә гәыԥ "Исламтәи аҳәынҭқарра" иаҿагыланы ақәԥараҿы алҵшәа бзиақәа аазырԥшыз сириатәи акәырдцәа рымчра арӷәӷәара алыдмыршарц ази, Ҭырқәтәыла анапхгара, Сириа  аҳәаа иаԥну арегионқәа рҟны арратә операциа аус адулара иаҿуп ҳәа. Уи аԥхьа, Сириа имҩаԥысуаз аҵыхәтәантәи ахҭысқәеи аҳәааҟны ашәарҭадаразы аусмҩаԥгатә цҵақәа раԥҵареи ирылацәажәон ԥшь-сааҭк инарзынаԥшуа имҩаԥысуаз Ҭырқәтәыла амилаҭтә шәарҭадара Ахеилак аҟны.

Сириа, 2011 шықәса хәажәкырамза аахыс бџьаршьҭыхлатәи аимак аҭыԥ аманы иҟоуп. ООН адыррақәа рыла уижьҭеи иҭахахьеит 220-нызқьҩык ауааԥсыра. Аиҳабыратә ар ирҿагылоуп еиуеиԥшым арратә еиҿкаарақәа. Зегь раасҭа активла аҿагылара мҩаԥыргоит аекстремист гәыԥқәа "Исламтәи аҳәынҭқарреи" "Джебхат ан-Нусреи"  реибашьратә отриадқәа.

Sputnik Аҧсны: http://sputnik-abkhazia.info/apsny/20150701/1015098737.html#ixzz3eohSeqv5

Subscribe to Syndicate