Ҧачкориаа рҭаацәа ацхыраара рыҭоуп

"Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" имҩаҧнаго  апроект "Агәыразра" аҳәаақәа ирҭагӡаны ацхыраара рнаҭеит ахшара рацәа змоу,  Мыркула ақыҭа инхо Ҧачкориаа рҭаацәа.
Миранда Ҧачлиаҧҳа лхала илааӡоит ҧшьҩык ашкол ахь иныҟәо ахәыҷқәа. Лыҧшәма,  жәашықәса раҧхьа хабарда дыбжьаӡит. Ашьыжь аусура ҳәа аҩны ддәылҵын, уаҳагь дыхнымҳәӡеит.Убри нахыс аҭаацәара рныҟәгареи, ахәыҷқәа рбареи аҧҳәыс қәыҧш лыжәҩақәа ирықәуп. Ари аҭаацәара ауадаҩрақәа рацәаны ирымоуп. Рхатәы ҩны рымам, аамҭала ирдыруа шьоукы  рҿы инхоит, еснагьтәи   аусурҭа ҭыҧ рымам. Иџьашьатәым Миранда лыҧшьҩы  ахшара ашкол ахь рышьҭра лцәыуадаҩхазар.
Афонд апроект "Агәыразра" ахшара рацәа змоу аҭаацәара рыцхраара иазкуп,  ашколқәра иаҵанакуа ахәыҷқәа шәҵатәымаҭәала, шәҟәыла-быӷьшәыла еиқәнаршәоит. Апроект аусура аамҭа иалагӡаны 160-ҩык ахәыҷқәа ацхыраара рнаҭахьеит. Убас еиҧш, ари апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, Миранда лхәыҷқәа рзы иаахәан ашәҵатәымаҭәа, аимаақәа, атетрадқәа уҳәа убас иҵегьы.

Subscribe to Syndicate