"Адырра ҿыц"

Всего осуществлено 14 проектов

Ҳара ҳапроект «Адырра ҿыц» аусура иацнаҵоит.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иаҵанакуа Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институт Ахыҵхырҭаҭҵааратә ҟәша ҳамҭас ианаҭеит акомпиутертә техника.

Аҧсуаҭҵааратә институт аҟны Ахыҵхырҭатә ҟәша имҩаҧнагоит акрызҵазкуа, ихәарҭоу аус. Уахь иаҵанакуеит еиуеиҧшым ахыҵхырҭақәеи, аусшәҟәқәеи реиҭашьақәыргылара, иара убас ижәытәу анапылаҩырақәеи, аҭыжьымҭақәеи реиҭагара.

«Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» имҩаԥнаго апроект  «Атехнологиа ҿыцқәа» аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр оргтехника ҳамҭас иананашьеит.

Акыр шықәса раахыс «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсныи» Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә драматә театри аусеицура рыбжьоуп. Атеатр ацхыраарала ҳапроектқәа ираԥхьагылоу  «Атеатри ахәыҷқәеи» қәҿиарала имҩасуеит.

 Аиԥылараҿы «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ахада Сонер Гогәуа, атеатр адиректор ҭабуп ҳәа иеиҳәеит аусеицзуразы, иара убас иазгәеиҭеит аԥхьаҟагьы аусуреи ацхыраареи ишазыхиоу, атеатр-ҳажәлар ркультуратә хәышҭаара хатәрақәа ируакуп.

Аиааира амш ныҳәа аҳаҭыразы «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахадара Аҟәатәи аҟәша аоргтехника ҳамҭас ирызнаргеит.

Аиҧылараҟны, афонд амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳа, Анацәа Аиааира амш рыдылныҳәалеит. Убри аан иазгәалҭеит: «Аиааира агаразы,  шәара шәыхшара рхы ақәырҵеит.  Шәҿаҧхьа ҳхырхәоит, шәымчи шәылшеи еизакны, иахьа ҳҳәынҭқарреи, ҳауаажәларреи рымаҵ аура шәахьаҿу».

Аҟәатәи ақәыҧшцәа  рыҩны апроект «Апрофориентациа ацентр» напхгара алҭоит  аҧсихолог, асеқциа аиҳабы Хаҭуна Лагәуаҧҳа.  «Жәларбжьаратәи афонд  Аҧсны» ари апроект адгылара анаҭеит. Аноутбукқәа хәба ҳамҭас иананашьеит.

Ари ацентр хықәкыс иамоуп ахәыҷқәеи, аҿари рзаанаҭ алхраҿы ацхыраара рыҭара. Апроект аусура иабзоураны, Аҧсны иаатуеит раҧхьатәи аусбарҭа,  еизҳауа абиҧара рзаанаҭ алхраҿы ацхыраара рызҭо.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго апроект «Адырра ҿыц» аҳәаақәа ирҭагӡаны, афинанстә цхыраара азыҟаҵан Аҟәа ақалақь абжьаратә школ №8. Апроектор аахәаразы иазоужьын 50 нызқь мааҭ аҧара. 

Иахьа, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», А. Џьонуа ихьӡ зху Маркәлатәи абжьаратә школ №2, ҳамҭас акомпиутерқәа анаршьеит. Убри инамаданы иаарласны уаҟа иаартхоит акомпиутертә зал.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» иаҭааит Маркәыла ақыҭа ахада Анри Хәырхәрмал, Маркәылатәи абжьаратә школ адиректор Рауль Кәакәасқьыр, ақыҭа ахаҭарнак Гиви Хәырхәмал.

Иахьа, “Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа,  афонд ахада ихаҭыҧуаҩ Мақсим  Ӷәынџьиеи, амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳаи,   афонд аусзуҩ Симон Агрбеи, Гәдоуҭа араион ахадеи реиҧылара мҩаҧысит.  Афонд ахаҭарнакцәа ҳамҭас Гәдоуҭаҟа инаргеит акомпиутерқәа ҧшьба (аноутбукқәа). Ари аусмҩаҧгатә еиҿкаан афонд апроектқәа руак аҳәаақәа  ирҭагӡаны, Аҧсны араинтә еиҿкаарақәеи ашколқәеи компиутертә техникала реиқәыршәара инамаданы.

Иахьа, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала, Аҟәа ақалақь аус зуа  згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа рзы ареабилитациатә центр ҳамҭас ианаҭеит  акомпиутертә техника.  Уи рнапаҿы ирыҭан афонд иаҭааз ареабилитациатә центр аусзуцәа, аҧсихолог-Жанна Харчлааҧҳаи, арҵаҩы-ааӡаҩ Елисо Маланиаҧҳаи.  Афонд ахада Сенер Гогәуа аҧхьа днаргыланы, ҭабуп ҳәа рарҳәеит згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа рзы иаадырҧшуа ацхыраареи, агәыҳалалреи, ахаҵгылареи рзы. 

Иазгәаҭатәуп,  изныкымкәа «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  Аҟәатәи ареабилитациатә центр ацхыраара шанаҭахьо. 

Embedded thumbnail for «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала, Гал араион акомпиутерқәа быжьба анашьоуп.

Гал араион абжьаратә школқәа 20 инарзынаҧшуеит. Иҟоуп аҧсуа бызшәа ахьырҵо ашколқәа. Ааигәа, Гал араион аҟны имҩаҧгаз аҧсуа бызшәа адырра иазкыз аицлабраҟны рҽалыркааит фышколк. Урҭ «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  ахьӡала иранашьан агәаларшәагатә ҳамҭақәа.

Зхаҭабзиара ҳараку акомпиутерқәа ҧшьба, ааигәа  Тҟәарчалтәи агәыҳалалра-ааглыхратә ҵараиурҭа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала ианашьан. Иахьа,  даҽа ҧшькомпиутерк ари аҵараиурҭа ахьӡала еиҭадәықәҵан.

Pages

Subscribe to Syndicate