«Агәабзиара»

Всего осуществлено 46 проектов

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» агәыҳалалратә цхыраара анаҭеит ахәыҷтәы реабилитациатә центр « Ҭҟәарчал Аҿар Раԥшьгара». Афонд ала иаахәан Ҭҟәарчал араион иатәу ақыҭақәа рҟны инхо ахәыҷқәа рымҩангаразы автомҩанысга азы агьежьхарԥақәа реизак, избан акәзар иҟоуп ацентр аҟынӡа анеира алшара змам аҭаацәарақәа. 
Иара убас, ацентр ахь ҳамҭас инашьҭын абзазаратә химиа аизга, ашьаҵахарԥақәа, ацқьаразы ахархәагақәа, уҳәа уб. иҵ.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Аҧсны ареабилитациатә центрқәа ҩба агәманитартә цхыраара рзынанашьҭеит. Акыраамҭа ҵуеит Ареспубликатә хәыҷтәы реабилитациатә центр аӡҭарчы ишахәҭоу еиҧш аусуразы иҷыдоу амаҭәахә рымамижьҭеи. Иахьа, ҳфонд алахәыла - аилахәыра «Биофарма» абзоурала иаахәан зыхә ҳараку аӡҭарчы азы аҳауа аҭарбага. Иара убас, Гәдоуҭатәи ацентр «Асаркьал» ахь ҳамҭас инашьҭын ацентр ахәмарратә уада аиқәыршәаразы ауарҳал хҟьақәеи, афитнес мпылқәеи.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнагеит изаамҭанытәу, змазаратә ҭагылазаашьа хьысҳау аҭаацәарақәа рзы ахәшәтә препаратқәа раҳасабала  агәыҳалалратә акциа. Ацхыраара рыҭан Гәдоуҭатәи, Аҟәатәи,  Ҭҟәарчалтәи ареабилитациатә центрқәа. Урҭ рганахьала ари ацхыраара нарышьҭуеит изхылаҧшуа ахәыҷқәа ахьызҳауа, еиҳа ацхыраара зҭаху аҭаацәарақәа рахь.

Зыӡбахә ҳәоу ацхыраара амҩаҧгара алшара аиуит ҳфонди, ростовтәи аилахәыра «Биофармеи» русеицуру иабзоураны.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» змазаратә ҭагылазаашьа хьысҳау аҭаацәарақәа рзы имҩаҧнагеит изаамҭанытәу агәыҳалалратә акциа ахәшәтә препаратқәа раҳасабала.

Ацхыраара рыҭан Очамчыратәи, Галтәи ареабилитациатә центрқәа, урҭ анаҩс, ас еиҧш иҟоу ацхыраара ирзынарышьҭуеит изхылаҧшуа - еиҳа ацхыраара зҭаху аҭаацәарақәа.

Ас еипш иҟоу ацхыраара амҩаҧгара алшара аиуит ҳфонди иара убас  ростовтәи аилахәыра «Биофармеи» русеицура иабзоураны.

Иахьа, "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи", уи алахәылаҩ Ростовтәи аилахәыра "Биофармеи" еицхырааны, еснагьтәи апроект "Агәабзиара" аҳәаақәа ирҭагӡаны, агуманитартә цхыраара арҭеит Гәдоуҭатәи Ареабилитациатә центр "Асаркьал".

Ареабилитациатә Центр "Асаркьал" ҳамҭас иаиуит 20 инареиҳаны хкы змоу амаҭәахәқәа рсиа, хәҭакахьала: аинвалидтә рныҟәагақәа, атренажиор, аныҟәара арҵаразы иҷыдоу ақьарсҭақәа, аортезқәа, алашарбагатә аҧслымӡҭра, амҿтәы конструкторқәа, ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа  рыҿиаразы ахархәагақәа, абзазаратә химиа, аусмҩаҧгатә маҭәарқәа, уҳәа убас иҵегьы.

Иахьа, згәабзиара ԥку ахәыҷқәа рзы Ареспубликатә реабилитациатә центр ацхыраара аҭан. Ас еиԥш иҟаз ацхыраара  ҟаҵан «Жәларбжьаратәи афонд  Аԥсныи»  Ростовтәи анаплакы «Биофармеи» русеицзура иабзоураны.

Ҧхынҷкәынмза 29 рзы «Жәларбжьаратәи афонд  Аҧсны» ихнаркәшеит зымҽхак ҭбаау, Аҧсны ареабилитациатә центрқәа рзы еиҿкааз ашықәсҿыцтәи акциа. Аҵыхәтәаны ҳаҭааит Гәдоуҭатәи ареабилитациатә центр «Асаркьал». Афонд ахаҭарнакцәа ацентр аҟны изхылаҧшуа ахәыҷқәа иранаршьеит 60 ашықәсҿыцтәи аҳамҭақәа. Зыӡбахә ҳәоу акциа мҩаҧысит ашықәсҿыцтәи агәыҳалалратә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.   «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ари апрограмма еиҿнакааит Аҧсны ақалақьқәа зегьы рхәыҷтәы реабилитациатә центрқәа рзы.

Иахьа, Очамчыратәи ареабилитациатә центр аҟны изхылаҧшуа, зылшарақәа ҧку ахәыҷқәа рзы инашьҭын 70 ашықәсҿыцтәи аҳамҭақәа. Иара убас, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», ақыҭақәа Ҷлоу, Ҭхьына, Оҭаҧ  иара убас Мықәтәи  1-тәи, 2-тәи ашколқәа ирзынанашьҭит 170 ашықәсҿыцтәи ахаа-мыхаатә ҳамҭақәа. Хәҭакахьала, Мықәтәи 1-тәи ашкол еиқәыршәан  арҧхагақәа фбеи, ашықәсҿыцтәи аҧсаӡ зладырҩычо ахәмаргақәеи рыла.

Иахьа, Аҟәатәи ареабилитациатә центр ахәыҷқәа рзы, "Дом Москвы" аизарҭа азал аҟны имҩаԥысит ашықәс ҿыц аныҳәа. Аҵаа Бабадуи, Асҭыԥҳаи, иара убас алакәтә аҵани ахәыҷқәа рзы ирыздырхиеит аинтерес змоу, иеиуеиԥшым аконкурсқәеи, илахҿыху ашәақәеи рыла иҭәу апрограмма.

Аныҳәа ахыркәшамҭаз ахәыҷқәа зегьы иранаршьеит ашықәс ҿыҵтәи аҳамҭақәа.

Ари ашықәс ҿыц аныҳәа еиҿкаан "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" ацхыраарала.

Иахьа, ашықәс ҿыцтәи акциа аҳәаақәа ирҭагӡаны "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" иаҭааит ақ. Гал Ахәыҷтәы реабилитациатә центр иара убас Ахәыҷқәа рыҿиара ацентр. Ахәыҷқәа асасцәа рзы идырхиаз ашықәс ҿыц ныҳәа афонд аҳамҭақәа угәы иаахәаратәы иханарҭәааит. Ари аныҳәа иаҭааит иара убас ақ. Гал ахадареи уи аколлективи.

Ҳара ҭабуп ҳәа раҳҳәоит ацентр анапхгаҩцәа Изориаԥҳа Ирмеи, Маиа Кәакәасқьырԥҳаи зых иамеигӡо рџьабаа, русура азы, иара убас ацентр ааӡамҭацәа ирзеиӷьаҳшьоит иааиуа 2020-тәи ашықәс қәҿиарала иҭәызарц.

Pages

Subscribe to Syndicate