«Агәабзиара»

Всего осуществлено 46 проектов

Ауаажәларратә  еиҿкаара  «Жәларбжьаратәи афонд  Аҧсны», 10 шықәса зхыҵуа Анела Лакашьиаҧҳа лыхәышәтәразы,  акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана» 100 нызқь мааҭ аҧара ахыҧхьанаӡалеит. Уи зырҵабыргуа ашәҟәы лнапы иаркын, афонд исасны иаҭаз   Анела хәыҷы лан Марина Қәҭарҧҳа.

Анела,  лыцламҳәа-хаҿытә  ҧҟара амҩаҧгаразы, афонд «Ашанеи», «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи» рымчала еизгоуп 285 нызқь мааҭ. Иаанхаз ахарџь ахахьы иагоит Урыстәылатәи ацхырааратә фонд «Русфонд». Лара аҽыхәышәтәра дахысуеит Москватәи ахәыҷтәы институт ацламҳәа-хаҿытә хирургиаҟны.

Embedded thumbnail for «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Тҟәарчал араионтә хәышәтәырҭа ахшараиурҭатә ҩны абзазаратә мыругақәеи, амедицинатә маҭәахәқәеи рыла еиқәнаршәеит.

Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа хада аартын 1953ш. азы. Ахшараиурҭатә ҩны акәзар, иахьа уажәраанӡа аус шауц иауеит. Араҟа аус руеит зҧышәа ҳараку 20-ҩык инарзынаҧшуа аҳақьымтә еилазаара. Иҟоуп аҳҭны қалақь аҟынтәи Тҟәарчалҟа  усура ицо ахәыҷтәы ҳақьымцәагьы.  Акыр шықәса раахыс ахшараиуҭатә ҩны хеигӡарак ҟамҵакәа хадара азылуеит Елисо Кәарҷиаҧҳа.  Аибашьра ашьҭахь, араҟа аҭагылазаашьа аҽамҧсахӡеит. Амедицинатә маҭәахәқәа инадыркны, абзазаратә мыругақәа рҟынӡа зегь ажәит, хымҧада урҭ зегьы ҧсахтәуп.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала, апроект «Агәабзиара» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ермантәылатәи Ареспублика аҟынтә Аҧсны иааны иҟоуп иналукааша, зус иазҟазоу аҳақьымцәа.

Иун мза 13, 14, 15, асааҭ 10 инаркны  аҳҭны қалақь Аҟәа имҩаҧысуеит, ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа хәыда-ҧсада рыдкылара. Уи иадҳәалоу ахарџьқәа зегьы ахахьы иагоит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны».  Уи азы аиқәышаҳаҭра рыбжьоуп аҧсны агәабзиарахьчара аминистрреи дареи.

Ауаажәлааратә еиҿкаара « Жәларбжьаратәи афонд  Аҧсны» аспонсорцәа ируаку анаплакы «Бета-Медикал», Виалета Гагәылиаҧҳа напхгара зылҭо, Аҟәа ақалақь иҟоу  зылшарақәа ҧку  ахәыҷқәа ргәабзиара аиӷьтәразы аҳәынҭқарратә  центр ацхыраара азыҟанаҵеит. 330 цыра аортопедиатә хчқәа аинвалидцәа  рзы ацентр ҳамҭас ианаҭеит.

Нанҳәамзазы, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сонер Гогәуеи, акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашана» адиректор    Џьевеира Колосовеи , аҧхьаҟатәи русеицуразы аиқәышаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Уаҟа ишазгәаҭо ала, шықәсык аҩныҵҟа, ДЦП ачымазара змоу ҧшьҩык ахәыҷқәа «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала, афонд «Ашана» иахыҧхьаӡалахоит 800.000 нызқь мааҭ аҧара. Раҧхьатәи ацхыраара лыҭан, ахәыҷ чымазаҩ Лиана Доӷәызиаҧҳа. Уи алшара  лоуит Москватәи атехнологиатә медецинатә институт аҽыхәышәтәра ацара.

Мышқәак раҧхьа, ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахада Сонер Гогәуеи, акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" адиректор Џьевеира Колосовеи, аҧхьаҟатәи аусеицуразы аиқәышаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Шықәсык аҩныҵҟа, ДЦП ачымазара змоу ҧшьҩык ахәыҷқәа "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахьӡала, афонд "Ашана" иахыҧхьаӡалахоит 800.000 мааҭ аҧара.
Аиқәышаҳаҭра анапаҵаҩра анаҩс, Сонер Гогәуа, раҧхьатәи ахәыҷ чымазаҩ Лиана Догәзиа лыхәышәтәразы афонд иахыиҧхьаӡалеит 200.000 мааҭ аҧара.

Pages

Subscribe to Syndicate