«Агәамч» - Аспорт

Всего осуществлено 8 проектов

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго   есымзатәи апроект «Агәамч» аҳәаақәа ирҭагӡаны уи  аусура иацҵан Очамчыра араион Мықә ақыҭан. Апроект  аҧҟарақәа инарықәыршәаны, аҧсуа школқәа аспорттә маҭәахәқәа рыла еиқәнаршәоит.  Иахьа, Гьаргь Чачба ихьӡ зху  Мықәтәи актәи абжьаратә школ аҵаҩцәа аҳамҭақәа рызнаргеит афонд ахаҭарнакцәа Симон Агрбеи, Роман Қапбеи.  Ари аус аҟны афонд адгылара анаҭеит Ҭемыр Логәуа еиҳабыс дызмоу аиҿкаара «Морпром». 

Апроект «Агәамч» аҳәаақәа ирҭагӡаны  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  ацхыраара анаҭеит Очамчыратәи аҧшьбатәи абжьаратә школ.

 Апроект «Агәамч» аспорттә маҭәахәқәа рыла ашколқәа еиқәнаршәоит. Уи хықәкыс иамоуп аҵаҩцәа абаҩарҵәыра абзиабара рылааӡара, радыҧхьалара. Очамчыратәи аҧшьбатәи абжьаратә школ азы  афонд ахаҭарнакцәа ҳамҭас инаргеит ампылқәа, амҵәышәымпыл ахьҭадыршәуа амацәаз, ашьапылампылтә амбақәа, аҧкьаҭымпыл азы асеҭкақәа уҳәа хкы рацәала аспорттә маҭәахәқәа.

Иахьа, апроект «Агәамч» аҳәаақәа ирҭагӡаны  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Галтәи ашьапылампылтә команда  « Самырзаҟан»   20 комплект инареиҳаны ашәҵатәы формақәа ҳамҭас иананашьеит. Афонд аофис иаҭааз ашьапылампылтә клуб «Самырзаҟан» азыҟаҵаҩ, иара  убас Гал ақалақь аҿари аспорти рхеилак анапхгаҩы, насгьы ашьапылампыл асыҩцәа қәыҧшцәа,  афонд ахада Сенер Гогәуа аҧхьа днаргыланы уи аусзуцәа зегьы ҭабуп ҳәа рарҳәеит иҟарҵаз ацхырааразы, иазгәарҭеит аспорттә иааирақәа ргаразы аҽазышәарақәа  шыҟарҵо.

Embedded thumbnail for Апроект «Агәамч» аусура иацнаҵеит Гал араион

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа Гал араион иаҭааит, афонд имҩаҧнаго есымзатәи апроект «Агәамч» анагӡаразы. Галтәи актәи абжьаратә школ азы, афонд ахаҭарнакцәа Симон Агрба, Роман Қапба, Есма Ҭарҧҳа, афонд ахьӡала аҵаҩцәа рзы аспорттә маҭәахәқәа рызнаргеит. Уажәшьҭарнахыс урҭ алшара рымоуп бзиа ирбо аспорттә хәмаррақәа рымҩаҧгара. Уи аҵакы азгәаҭаны, ашкол адиреқтор Манана Владимир-иҧҳа Абыхәба, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа аҧхьа днаргыланы, ҭабуп ҳәа ралҳәеит афонд имҩаҧнаго, хра злоу ауснагӡатәқәа рзы. 

Иахьа, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  ахаҭарнакцәа аҭааит Гәдоуҭа араион, есымза афонд имҩаҧнаго апроект «Агәамч» анагӡаразы. Ҳазҭоу амзазы афонд ахьӡала,  аспорттә маҭәахәқәа рыла еиқәыршәахеит Гәдоуҭатәи актәи абжьаратә школ.  Аҳамҭақәа рыманы ари ашкол иаҭааит афонд ахада ихаҭыҧуаҩ  Мақсим   Ӷәынџьиа, афонд аусзуцәа  Роман Қапба, Симон Агрба, Саида Кәарацхьелиаҧҳа.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада  Сенер Гогәуа,  афонд аҟны иаҧҵоу аҵарадырреи акультуреи рхеилак анапхгаҩы  Нугзар Логәуа, афонд аспонсор хада «Абхазморпром»  аиҳабы  Ҭемыр Логәуа Ҷлоу ақыҭа иаҭааит. Раҧхьа урҭ неит Б. Шьынқәба ихьӡ зху  Ҷлоутәи абжьаратә школ ахь.  Афонд имҩаҧгнаго апроект «Агәамч» аҳәаақәа ирҭагӡаны, ашкол ҳамҭас ианаршьеит аспорттә маҭәахәқәа. Ҷлоутәи ашкол аҭагылазаашьа збаз  афонд ахада Сенер Гогәуеи,  «Абхазморпром» аиҳабы Ҭемыр Логәуеи,  ашкол анапхгара агәыӷра рырҭеит, ашкол аҧхьаҟагьы ацхыраара шарҭо.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго апроект «Агәамч» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Гагра араион Лӡаа ақыҭан абжьаратә школ 70 нызқь мааҭ рыхә аспорттә маҭәахәқәа анашьан. Иаҳҳәозар:  аҧкьаҭымпылтә стол, аракеткақәа, анапылампылқәа, ашьапылампылқәа, амҵәышәымпылқәа, анапылампылтә сеҭкақәа  уҳәа хкы рацәала аспорт аусхк аҿы рхы иадырхәо амаҭәахәқәа.

Агәамч- афонд еснагьтәи проектуп, еизҳауа абиҧара аспорт абзиабара рылааӡара иазкуп. Ари апроект  аҳәаақәа ирҭагӡаны, есымза «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ҳтәыла ақыҭа школқәа аспорттә маҭәахәқәа рыла еиқәнаршәоит.

Subscribe to Syndicate