«Аҧеиҧш»

Всего осуществлено 30 проектов

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект «Аҧеиҧш» аҳәаақәа ирҭагӡаны, ацхыраара рыҭоуп Қьеҭован Тарба лҭаацәа. Лара дынхоит Гал. Қьеҭован лыҧшәма,  Ҭамаз Ԥиҧиа, шықәсқәак раҧхьа длыҧхеит, лхала рааӡара даҿуп хҩык лхәыҷқәа. Лчымазара иахҟьаны, еснагьтәи аусура лымам, аамҭа-аамҭаала илырҳауа ала, лхыҷқәеи лараеи рхы ныҟәыргоит.

 «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  имҩаҧнаго ахшара рацәа зааӡо аҧсуа ҭаацәарақәа  ирызку апроект «Аҧеиҧш» аусура иацнаҵеит Гәылрыҧшь араион Дранда аҳаблан.  31ш. зхыҵуа Маврик Ҧачлиеи,  24ш. ирҭагылоу Илона Габелиаҧҳаи фҩык ахшара рааӡоит, ҩыџьа аҷкәынцәеи, ҧшьҩык аӡӷабцәеи: Марика, Иракли, Ельвира, Моника, Инал, Милена. Урҭ рахьтә иреиҳабу жәшықәса лхыҵуеит, иреиҵбу ҩымз.  Хҩык ашкол ахь иныҟәоит, хҩык аҩны иҟоуп. Аҭаацәа реиҳабы Маврик Ҧачлиа, аргыларақәа рҿы аус иуеит, убри ала ихшара рааӡара иҽазишәоит.

​Апроект «Аҧеиҧш» аҳәаақәа ирҭагӡаны,  Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭа инхо Адлеиаа рҭаацәа ацхыраара рыҭан. Аҭаацәа реиҳабы Нарсоу Адлеиба, 30 ш. дырҭымсыц, хәҩык ахшара драбуп.  Иҧшәма қәыҧш Кристинеи иареи ирааӡоит хҩык арҧарцәеи, ҩыџьа аҭыҧҳацәеи, хымз инаркны хәышықәса зхыҵуа рҟынӡа.  Дара дрыцынхоит Нарсоу иашьеиҵыбгьы.  Арҭ аҭаацәара  џьаргьы аус руам, ауалафахәы роуам, адгьыл иқәаарыхны рхы ныҟәыргоит, ашәыр-ақәыр рҭиуеит, арахә рааӡоит.

Гәдоуҭа араион   Ҟәланырхәа ақыҭа инхоит Аҩӡба Гәдисеи Аҧшьыцба Мирандеи рҭаацәа.  Урҭ ирааӡоит хәҩык ахәыҷқәа: хҩык аҷкәынцәеи, ҩыџьа аӡӷабцәеи. Аҭаацәа ақалақь иазааигәаны иахьынхо аҟынтә, уахь усура ицеит. Ахәыҷқәа , шықәсык инаркны  быжьшықәса рҟынӡа рхыҵуеит.  Ранду Замира Чукба илыбзоураны, ахәыҷқәа ран аус луеит, анду ахәыҷқәа дрыцынхоит, илааӡоит.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахшара рацәа змоу зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҧсуа ҭаацәарақәа ацхыраара рынаҭоит. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны афонд ахаҭарнакцәа Асида Инаҧшьҧҳаи, Сырма Ашәпҳаи, Мџьыҭ Гогәуеи,  ахшара рацәа змоу Беслан Воубеи Фатима Кәыҵниаҧҳаи рҭаацәа ирҭааит. Дара нхоит Аҟәа ақалақь, Ахабла ҿыц иҟоу аҩнеихагылақәа руак аҟны. Афонд аусзуцәа ари аҭаацәара аҳамҭақәа рызнаргеит, урҭ рхыҧхьаӡараҿы  иҟан «Ани амаалықьи» ашәыра. Мышқәак раҧхьа Воуаа рҭаацәараҿы иҟалеит ахҭыс гәырӷьахә, диит афбатәи ахәыҷы, хьӡысгьы ирҭеит Алан.

Иахьа, ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа рыцхыраара иазку апроект "Аҧеиҧш" аҳәаақәа ирҭагӡаны, "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахаҭарнакцәа Тҟәарчал ақалақь иаҭааит. Хәҩык ахәыҷқәа зааӡо Руслан Ҳаџьымбеи, уи иҧшәмаҧҳәыс Маринеи ҳамҭас ирызнаргеитанхараҿы рхы иадырхәо абзазаратә маҭәахәқәа: аӡәӡәага машьына, ахәы зҭарҵо архьшәашәага, аӡы зладыршуа абак. 
"Ҳара ҳзы ари хәы змаӡам цхыраароуп. Тҟәарчал аҭагылазаашьа уадаҩуп, ахныҟәгара цәгьахеит. Сыҧшәма ирҳауа ахәыҷқәа рхәы мацароуп изызхо. Иҭабуп идуӡӡаны ҳәа шәасҳәоит"-лҳәеит Манана Ҳаџьымҧҳа. 

Апроект «Аҧеиҧш» аҳәаақәа ирҭагӡаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнак Мџьыҭ Гогәуеи, Гагра араион  аус зуа афонд ахаҭарнак Слава Сақаниеи, Гагра араион Колхида ақыҭа инхо ахшара рацәа змоу Бигәаа рҭаацәа ирҭааит. Афонд ахьӡала арҭ аҭаацәа ҳамҭас ирызнаган афатә ахьҭарҵо архьшәашәага, агазтә плита, аӡыршыга абак. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧхьаҟагьы ацхыраара рырҭалоит ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа» - ҳәа азгәеиҭеит Слава Сақаниа,  Бигәаа рыхшара рааӡараҿы аманшәалара рзеиӷьашьауа.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  ҩаҧхьа иаҭааит Очамчыра араион Баслахә ақыҭа, Иамзе Заракәуаҧҳа лҭаацәа. Иамза Заракәуаҧҳа,  лхала быжьҩык ахшара лааӡоит, хәышықәса зхыҵуа инаиркны 16 шықәса зхыҵуа иҟынӡа. Лара хҩык арҧарцәеи, ҧшьҩык аҭыҧҳацәеи дрануп. Лыхшара рааӡараҟны ацхыраара лылҭоит лан.  Иамза, аҭаацәа зегьы рныҟәгара лҟәаҟәа иқәуп, лан-дтәанчаҩуп. Лыҧшәмеи лареи ҩышықәса раахыс еилыҵны иҟоуп, иара иҟынтәи изаҟаразаалак цхыраарак ыҟам. Аусурахь шарҧазы дгыланы дцоит, ианаамҭоу днеирц азы. Аус луеит Кындыӷ ақыҭа, ауҭраҭых ааӡарҭаҿы.

Апроект "Аҧеиҧш" аҳәаақәа ирҭагӡаны, Гәдоуҭа араион Дәрыҧшь ақыҭа инхо, быжьҩык ахшара зааӡо Генади Гәынбеи, Амина Цымцҧҳаи, афонд ахьӡала ацхыраара рыҭан. Ари аҭаацәара ду аҿы ирызҳауеит хәҩык аҭыҧҳацәеи, ҩыџьа арҧарцәеи: Милана, Мариана, Миранда, Минадора, Мадонна, Кадыр, Камыгу. Зегьы иреиҳабу 14 ш. лхыҵуеит иреиҳабу ҧшьышықәса. Гәынаа рҭаацәа аҳамҭақәа рыманы ирҭааит афонд амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳа, афонд ахьӡала Гәдоуҭатәи ахаҭарнак Саида Кәарацхьелиаҧҳа, Мџьыҭ Гогәуа. Аҭаацәа рхада Гена Гәынба, аофициалла џьаргьы аус иуӡом, аҩнтәи аусқәа ныҟәигоит.

Гәылрыҧшь араион Агәӡера аҳабла инхо Гита Смыр, ааҩык ахшара дрануп. Лыҧшәма Уанчка Занҭариа, шықәсқәак раҧхьа иҧсҭазаара далҵит. Лара лҭагылазаашьа уадаҩ азгәаҭаны, 2013 ш. азы, Аҧсны аҳәынҭқарра, Агәӡера аҳабла игылоу аҩнеихагылаҟны, ҧшьуадак змоу ауадақәа лырҭеит. Лыхшара рахьтә иреиҳабу 17 ш. лхыҵуеит, иреиҵбу ҩышықәса, егьырҭ ашкол иҭоуп.

Pages

Subscribe to Syndicate