«Аҧеиҧш»

Всего осуществлено 30 проектов

Апроект «Аҧеиҧш» аҳәаақәа ирҭагӡаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Аршба Мераби, Иакәыб-оглы  Аидеи  рҭаацәа ирҭааит. Дара хәҩык ахшара рааӡоит: хҩык ачқәынцәеи, ҩыџьа аӡӷабцәеи. Зегь иреиҳабу 17 ш. ихыҵуеит, сынтәа ашкол далгоит, ҩыџьа аҷкәынцәа Гагратәи алицеи интернат аҿы аҵара рҵоит, иреиҵбу ҧшьышықәса лхыҵуеит.  Ахшара рацәа змоу аҭаацәа Тҟәарчал инхоит. Урҭ рҭагылазаашьа мариам, аҭаацәа рхада Мераб-дтәанчаҩуп, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра инвалидуп, иҧшәма ҧҳәыс Аида, еснагьтәи аусура лымаӡам, акурорттә аамҭазы ак лырҳарц лҽазылшәоит.

Гәдоуҭа араион Блабырхәа ақыҭа инхо Баграт Ҧкьын иҧшәма ҧҳәыси иареи быжьҩык ахшара рааӡоит. Иреиҳабу аҭыҧҳа 18шықәса лхыҵуеит, иреиҵбӡоу хышықәса. Ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа рсоциалтә ҭагылазаашьа ауадаҩрақәа азгәаҭаны, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» урҭ ацхыраара рынаҭоит.  Афонд имҩаҧнаго апроект «Аҧеиҧш» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ҧкьынаа рҭаацәа ҳамҭас ирызнаган аҩнымаҭәахәқәа: архьшәашәага, ателевизор, амҿтәы печка, аӡырҧхага уҳәа анхара-анҵыраҿы рхы иадырхәо амаҭәахәқәа.

Аҟәа араион, Баслаҭа амҩа аҭыӡҭыҧ ала инхо, ахшара рацәа змоу Реваз Шарамбаиеи, Есико Ҳашыгҧҳаи, жәҩык аҭыҧҳацәа рааӡоит: Вероника, Кристина, Милана, Лана, Илона, Гәында, Лилиана, Евелина, Даниела.  Зегь иреиҵбу ҧшьышықәса лхыҵуеит, иреиҳабу 22шықәса. Урҭ рахьтә фҩык Аҟәатәи  а-13-тәи абжьаратә школ аҟны аҵара рҵоит. Сынтәа ҩыџьа ашкол иалгоит, ргәы иҭоуп иреиҳау аҵараиурҭа иҭаларц.

Аҧсны араионқәеи, ақалақьқәеи рҟны имаҷҩым ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа. Убас еиҧш, Очамчыра араион Гәыҧ ақыҭа инхо Кархалаа рҭаацәа быжьҩык ахшара рааӡоит. Аҩнаҭа аҧшәма Боча Кархалаа, ихьыз ачымазара иахҟьаны, хышықәса раҧхьа иҧсҭазаара далҵит.

Кындыӷ ақыҭа инхо Аслан Чихлаӡеи, Зита Цацуаҧҳаи жәҩык ахшара рааӡоит.  Ԥшьҩык  аҭыҧҳацәеи, хәҩык  арҧарцәеи: Кристина, Сабина, Викториа, Руслан, Амина, Артур, Радик, Игор, Милана.  Иреиҵбӡоу ҩышықәса ихыҵуеит.  Аҭыҧҳацәа руаӡәк аҭаацәара далалахьеит.  Фҩык ашкол иҭоуп, ҩыџьа макьана ихәыҷқәоуп.  Мышқәак рыла ари аҩнаҭаҿы асаби изыҧшуп. Ҿыц дираны дыҟоуп ажәабатәи амаалықь.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», Бзыҧта ақыҭа инхо Хьециаа рҭаацәа ацхыраара рзыҟанаҵеит.

Гагра араион Бзыҧҭа ақыҭа инхо, Дмитри Хьециа иҭаацәараҿы ирызҳауеит  жәаҩык ахшара.  Хәҩык аҧацәеи, хәҩык аҭыҧҳацәеи.  Ааигәа, ари аҩнаҭаҿы иҟалеит арыцҳара. Ахәыҷқәа дрыҧхеит 45ш. ирҭагылаз, зыхшара згәазхара иззымбацыз  урҭ ран, Аннета Ҳамиҭҧҳа. Аб ихәыҷқәа игәыҵыҳәҳәа, излаилшо ала рааӡара даҿуп. 

Очамчыра араион  Џьал ақыҭа инхо, Беслан Габелиеи, Светлана  Габлаиаҧҳаи быжьҩык ахшара рааӡоит. Ишырҳәо еиҧш, аныҳәаҩ ихы рыдиныҳәалартә  иҟоуп. Аҧсуара аҳра ахьауа, ҳмилаҭә қьабзқәа аҧҟарақәа ирықәныҟәо арҭ аҭаацәа, рыхшара ламыс цқьала иааӡоуп. Ахәыҷқәа ракәзар, еихӡыӡаауеит, еихылаҧшуеит, изларылшо ала рҭаацәа ирыцхраауеит.  Ҳҳәынҭқарреи,  ҳауаажәларреи  рҧеиҧш лаша аҟны, амалқәа зегьы ирмалу ахшара рацәа змоу аҭаацәа рыдгылара, хықәкыс иҟаҵаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» анапхгара, Габелиаа рҭаацәа, анхара анҵыраҿы рхы иадырхәо абзазаратә маҭәахәқәа рыла ацхыраара рзыҟарҵеит.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» анапхгара, 100нызқь мааҭ аҧара, зыҩны блыз, хшара рацәа змо Қорсантиаа рҭаацәа ҳамҭас иранаршьеит.

Ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ахада Сонер Гогэуа иаҧшьгарала, ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа рзы, аус ауеит апроект "Аҧеиҧш". Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, Гэдоуҭа араион Лыхны ақыҭа инхо хэҩык ахшара раб, Гиви Генаба иҭаацәа, аматериалтә цхыраара рыҭоуп. "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳаи, афонд аҟны иаҧҵоу акультуреи аҵарадырреи рыҟәша анапхгаҩы Нугзар Логәуеи, Генабаа рҭаацәа аҳамҭақәа рыманы ирызнеит .

Embedded thumbnail for «Жәларбжьаратәи афонд  Аҧсны» апроект ҿыц «Аҧеиҧш» аусура хацнаркит.

Ауаажәларраатә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа рыцхырааразы, апроект ҿыц «Аҧеиҧш» аусура хацнаркит.

Аҧсны Аиааира 22 шықәса ахыҵра инақәыршәаны, Баслахә ақыҭа инхо, аибашьра аветеран, фҩык ахшара раб,  Џьон Хьиба иҭаацәа, анхараҿы рхы иадырхәо абзазаратә маҭәахәқәа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» анапхгара ҳамҭас ирызнаргеит. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп: афатә зҭарҵо архьшәашәага, амаҭәаӡәӡәага, аҵеџь аҟынтә аӡы злахаргало афымцатә мыруга, аӡы зҭарҭәо абак, иара убас, ахәыҷқәа рзы ашкол маҭәа уҳәа ацхыраагӡатә маҭәахәқәа.

Pages

Subscribe to Syndicate