Адәныҟатәи

Всего осуществлено 57 проектов

Иран Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ахадеи, Аус знапы алаку аҳәсақәа р- Ассоциациа ахадеи рааԥхьарала «Жәларбжьаратәи афонд  Аԥсны» ахада Сонер Гогәуеи , афонд аҟны Асоциалтә политиказы акомитет анапхгаҩы Иулиа Гәымԥҳаи  иаҭааит Исламтәи Аҳәынҭқарра Иран, ԥхынҷкәынмза 2019 шықәса рзы.

Ахәаахәҭра-ааглыхратә палатаҟны еиҿкаан иеиуеиԥшым абизнестә секторқәа рхаҭарнакцәа реиԥылара. Уаҟа ирылацәажәеит иеиуеиԥшым, атуризм аусхк аҟны,  иара убас Иран аҟны ибзианы иҿио амедицинатә туризм аҟны аусецура  рызҵаарақәа. Иара убас ирҭааит иеиуеиԥшым анаплакдуқәа.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» анапхгара, ахада Сонер Гогәуеи уи ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ӷәынџьиеи иалахәын «Аладатәи Урыстәыла – Урыстәылеи-Ҭырқәтәылеи реизыҟазаашьақәа аконтекст аҿы» темас измаз жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә сессиа. Ари асессиа мҩаҧысуан ақалақь Ростов,  Аладатәи Афедералтә Университет аҟны, абҵарамза 11, 2019 ш. рзы.

Асессиа иалахәын иара убас Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рыҭҵаарадырратә гәыҧқәа рхаҭарнакцәа. Хәҭакахьала:

Цибенко Вероника – Аладатәи Афедералтә Университет, адисциплинартәи агәыҳалалратәи ҭҵаарақәа рцентр аиҳабы.

«Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ахада ихаҭыԥуаҩ Максим Ӷәынџьиа далахәын аҭоурых аҟны раԥхьаӡатәи Асаммит Урыстәыла – Африка. Ари асаммит рҽаладырхәит африкатә тәылақәа зегьы рхаҭарнакцәа.  43 африкатә тәылақәа рхадацәеи, аминистрцәеи, абизнес ахаҭарнакцәеи агәацԥыҳәара аадырԥшит ҳаамҭазтәи аԥсҭазаара иаҵанакуа аусхкқәа зегьы  урыстәылатәи – африкатәи аимадарақәа рҟны  рырӷәӷәара.

Embedded thumbnail for Аԥсны- Урыстәылеи-Ҭырқәтәылеи резыҟазаашьақәа аконтекст аҿы

Мшаԥымза 12,  2019 шықәса рзы, Аҟәа имҩаԥысит аконференциа «Аԥсны- Урыстәылеи-Ҭырқәтәылеи реизыҟазаашьақәа  рконтекст аҿы». Уи иалахәын  Аԥснынтә, Урыстәылантә,  Ҭырқәтәылантә аекспертцәа. Ахәҭакахьала, апрофессор Мысҭафа Аидын, Ҭырқәтәыла Жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа реидгыла ахада, Сҭампылтәи Кадыр Хас уаанӡатәи аректор;

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» иаҭааит Иорданиатәи апарламент аделегациа.

Аделегациа аилазаараҿы иҟан: Мансур Сижьажь, Халед Алабдалла, Халед Албаккар.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада ихаҭыҧуаҩ Мақсим Ӷәынџьиа асасцәа ирзеиҭеиҳәеит афонд имҩаҧнаго асоциалтә проектқәа инарҷыданы, жәларбжьаратәи аимадарақәа рырҿиара аус рнапы шалаку.

Ахәҭакахьала, Иорданиатәи апарламент адепутатцәа Аҧсныҟа раҧхьаӡа акәны раара уи иабзоурахеит.

Иахьа, Аҧсны Аҳәынҭқараа ахада Рауль Ҳаџьымба идикылеит Иорданиа иҟоу Хашимиттәи Акралра апрламент адепутатцәа Мансур Сижьажь, Халед Алабдалла, Халед Албаккар. Аиҧылара иалахәын Аҧсны Жәлар Реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа, апарламент адепутат, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» алахәыла Асҭамыр Логәуа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада ихаҭыҧуаҩ Мақсим Гәынџьиа.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада, Иорданиатәи аделегациа ҳтәылаҿы рыҟазаара гәахәала идикылеит.

Иахьа, Аҧсны Аҳәынҭқарра  аҳҭнықалақь аҿы ихацырхын аофициалтә ҟазшьа моу Иорданиатәи Ахашамиттә кралра иатәу апарламенттә делегациа  злахәыз аиҧылара. Аҧсны Жәлар Реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа идикылаз асасцәа реилазаараҿы иҟан: Мансур Сижьажь, Халед Алабдалла, Халед Албаккар.

Аҧсны Жәлар реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа адепутатцәа хаҭала ианидикыла анаҩс,  имҩаҧысит адепутатцәа зегьы злахәыз инарҭбааз аилатәара. 

Иорданиатәи  апарламент  адепутатцәа Аҧсныҟа раҧхьаӡа акәны иааит, уи хымҧада ҳтәылақәа рыбжьара аиҩызареи аусеицуреи рҳәаақәа арҭбаауеит.

Иорданиа имҩаҧысит апринц Асым Бин Наифи, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»   ахаҭарнакцәеи реиқәшәара.

Анаҩс, Аҧснытәи аделегациа рыдыркылеит Иорданиатәи апарламент ахада Атиф  Тарауни, иара убас апарламент  алахәыла, ҳџьынџьуаҩ Менсур Абазеи. Ирылацәажәан хырхарҭа рацәала азҵаарақәа.

Арҭ амшқәа рзы Иорданиа аҳҭны қалақь Амман иаҭааит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа напхгара ззиуа аделегациа. Уи аилазаараҿы иҟоуп: «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада ихаҭыҧуаҩ Мақсим  Ӷәынџьиа, афонд аҟны аус зуа аҿартә политиака ахеилак анапхгаҩы,  Аҧсны аекономика аминистрраҿы иаҧҵоу аинвистициатә маҵзура аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Симон Агрба, аусдкылаҩ Дмитри Аргәын. 

Аҧснытәи аделегациа Иорданиаҟа  рцара  хықәкыс иамоуп уаҟа имҩаҧысуа  аекономикатә  форум аҽалархәра.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭаҟны имҩаҧысит афонд ахада Сенер Гогәуеи, арҭ амшқәа рзы Китаинтәи Аҧсны иаан иҟоу аусдкылаҩцәеи реиҧылара. Китаитәи аделегациа напхгара аиҭон Китаи иҟоу Аҧсны ахаҭарнак Ге Чжили.

Аиҧылара хықәкыс иаман, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни» Китаитәи аилазаареи аекономика ахырхарҭала излацәажәахьаз азҵаарақәа рымҩақәҵара. Аҩганк аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит лаҵарамза 17, 2107ш. рзы.

Аиҧылара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Китаи аганахь ала ирылацәажәан ахәаахәҭратә проектқәеи, аимадарақәеи жәпакы.     

Pages

Subscribe to Syndicate