«Адырра ҿыц» - «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект ҿыц.  Ари апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, арҵаратә усбарҭақәа акомпиутертә классқәа рыла еиқәнаршәоит. Еиуеиҧшым аусбарҭақәа русура ахаҭабзиара аиӷьтәразы ихымҧадатәны иҧхьаӡоуп ҳаамҭазтәи атехнологиақәа рхархәара. Иаҳҳәозар: акомпиутерқәа, иҟәышу акласс ӷәқәа уҳәа, адунеи ҿыц адыррахь ахь уцәырызго амаҭәарқәа. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусура аамҭа иалагӡаны, акомпиутертә техникақәа рыла еиқәнаршәахьеит ашколқәа, абиблиотекақәа, араионтә администрациақәа, иара убас егьырҭ аусбарҭақәа.

Апроект «Ақәранҵыра» акыр шықәса зхыҵуа  абыргцәа ирызкуп. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны шәышықәса иреиҳау ауаа ацхыраара рынаҭоит. Ақәра ду нызҵуа ауаа, ҳҭоурыхи ҳқьабзқәеи  иузырҟәымҭхуа ирыдҳәалоуп.  Ас еиҧш иҟоу абыргцәа, ирхыргахьоу ауадаҩрақәа азгәамҭакәа, адоуҳатә беиареи ақьиареи еиқәдырхоит.  

«Атеатри ахәыҷқәеи» - афонд еснагьтәи проектуп. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны, есымза, Аҧсны араионқәа рҟынтә знык, ахшара рацәа змоу, иара убас зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҭаацәарақәа рҟынтә ахәыҷқәа алшара рымоуп аҳҭны қалақь аҟны иҟоу атеатрқәа руак аҿы аспектакль ахәаҧшра. Ахәыҷқәа ирбоу аҟазара анаҩс, анашанатә дунеи аҧсҭазаарахь ршьаҿақәа еихыргоит, уи хьӡысгьы иамоуп «Атеатр». Хымҧада, ахәыҷқәа рзы уи арызҵазкуа хҭысуп. Аспектакль анаҩс, ахәыҷқәа рзы афонд еиҿнакаауеит ақалақь аҩныҵҟа аныҟәарақәа.

«Агәабзиара» - афонд еснагьтәи проектуп, ахәыҷқәа ргәабзиарахьчара ахьчара  иазкуп. Апроект хықәкыс иамоуп ачымазара зыцны ииз ахәыҷқәа ргәабзиара ашьақәыргыларазы ҳҳәынҭқарраҿы аус зуа ареабилитациатә центр адгылара, аматериалтә цхыраара азура.

Агәамч - афонд еснагьтәи проектуп, еизҳауа абиҧара аспорт абзиабара рылааӡара иазкуп. Ари апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, есымза «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ҳтәыла ақыҭа школқәа аспорттә маҭәахәқәа рыла еиқәнаршәоит. Ақыҭақәа рҿы аспорт аҿиара ацхыраара аҭара, уаҵәтәи аҧеиҧш лаша иазкуп.

Еснагьтәи афонд апроект, зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау ашкол аҵаҩцәа рыцхыраара иазкуп. «Жәларбжьаратәи афонд  Аҧсны», есымза, жәаҩык ашколхәыҷқәа , аӡәыцыҧхьаӡа, аанызқь мааҭ  аҧара  аҳәаақәа ирҭагӡаны,ирыгу ирыбзоу амаҭәақәеи, ашкол аҟны рхы иадырхәо амаҭәахәқәеи рзаархәоит.

Апроект аусура аҟны адгылара ҟанаҵеит Аҧсны аҵареи  аҭҵаарадырреи рминистрра. Урҭ, афонд, асиа рзышьақәнаргылеит, амамзаара иахҟьаны, ашкол ахь имцоз ахыҷқәа рсиа ашьақәыргылараҟны.

Ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа рыцхырааразы, апроект ҿыц «Аҧеиҧш» аусура хацнаркит

«Жәлабжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала апроект ҽыц аусура иалагеит. Уи хьӡыс иамоуп «Ани амаалықьи». Апроект аҧсуа ҭаацәарақәа рҿы ҿыц ииуа ахәыҷқәа ирызкыуп.  Даара агәырӷьара зцу хҭысуп, аҭаацәараҿы ахәыҷы иира. Уи ҳара ҳфонд адгылара анаҭоит. Убри азыҳәан  иҳархиеит аҳамҭақәа, ан лымаалықь иааӡараҿы ацхыраара лнаҭоит ҳәа хықәкыс иҟаҵаны. Уи  еиднакылоит ахәы зҭарҵо аҧаҭлыкақәа, ацәымҳа, ашоурашәага, акремқәа уҳәа. Убри инаҷыданы, ахәыҷы ииашаны иааӡараҿы ан лхы иалырхәо ашәҟәы, ахәыҷқәа рзы аҧсуа шәҟәқәа, ахәыҷқәа рашәақәа зну адиск.

Арҵаратә центр «Академиа» - «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» еснагьтәи апроектқәа ируакуп. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, алшара ыҟоуп аҵарадырра аганахь ала ахәҧса шәаны абызшәақәа рҵара. Иаҳҳәозар: аҧсшәа, англыз, араб, аиспан, аиталиан, аурыс, аҭырқәа бызшәақәа. Зҧышәа ҳараку арҵаҩцәа аус руеит ҳаамҭа иақәшәо аметодика ахархәарала, убри аан атехника рхы иархәаны. Аҽазыҟаҵарақәа мҩаҧысуеит ашколхәыҷқәа рзеиҧш, астудентцәеи, аиҳабацәеи рзы.

Subscribe to Syndicate