Асоциалтә

Всего осуществлено 124 проектов

Иахьа, Аҟәа араион иаҵанакуа абжьартә  школ аҵаҩцәа, есымза знык, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго  апроект «Агәыразра» аҳәаақәа ирҭагӡаны, 10-ҩык ашкол аҵаҩцәа шәҵатәылеи, ашкол маҭәахәқәеи рыла  еиқәнаршәеит. Хәыҷыцыҧхьаӡа ихҭынҵоуп 8000 мааҭ аҧара. Мызкы ари апроект иартәоит 80нызқь мааҭ.

Аҭаацәеи, ахәыҷқәеи рзы хымҧада ари аус агәахәа рызҭо цхыраагӡоуп.

Гәылрыҧшь араион Агәӡера аҳабла инхо Гита Смыр, ааҩык ахшара дрануп. Лыҧшәма Уанчка Занҭариа, шықәсқәак раҧхьа иҧсҭазаара далҵит. Лара лҭагылазаашьа уадаҩ азгәаҭаны, 2013 ш. азы, Аҧсны аҳәынҭқарра, Агәӡера аҳабла игылоу аҩнеихагылаҟны, ҧшьуадак змоу ауадақәа лырҭеит. Лыхшара рахьтә иреиҳабу 17 ш. лхыҵуеит, иреиҵбу ҩышықәса, егьырҭ ашкол иҭоуп.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала, апроект «Агәабзиара» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ермантәылатәи Ареспублика аҟынтә Аҧсны иааны иҟоуп иналукааша, зус иазҟазоу аҳақьымцәа.

Иун мза 13, 14, 15, асааҭ 10 инаркны  аҳҭны қалақь Аҟәа имҩаҧысуеит, ДЦП ачымазара змоу ахәыҷқәа хәыда-ҧсада рыдкылара. Уи иадҳәалоу ахарџьқәа зегьы ахахьы иагоит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны».  Уи азы аиқәышаҳаҭра рыбжьоуп аҧсны агәабзиарахьчара аминистрреи дареи.

Апроект «Аҧеиҧш» аҳәаақәа ирҭагӡаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Аршба Мераби, Иакәыб-оглы  Аидеи  рҭаацәа ирҭааит. Дара хәҩык ахшара рааӡоит: хҩык ачқәынцәеи, ҩыџьа аӡӷабцәеи. Зегь иреиҳабу 17 ш. ихыҵуеит, сынтәа ашкол далгоит, ҩыџьа аҷкәынцәа Гагратәи алицеи интернат аҿы аҵара рҵоит, иреиҵбу ҧшьышықәса лхыҵуеит.  Ахшара рацәа змоу аҭаацәа Тҟәарчал инхоит. Урҭ рҭагылазаашьа мариам, аҭаацәа рхада Мераб-дтәанчаҩуп, Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра инвалидуп, иҧшәма ҧҳәыс Аида, еснагьтәи аусура лымаӡам, акурорттә аамҭазы ак лырҳарц лҽазылшәоит.

Есымза знык, Аҧсны араионқәа рҟынтә зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҧсуа ҭаацәарақәа рҟынтә  жәаҩык ашколхәыҷқәа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала ацхыраара роуеит.

Убас еиҧш, иахьа, Гәылрыҧшь араион аҟынтә жәаҩык аҵаҩцәа алшара рыман, Аҟәа ақалақь аҿы, дара рҭахрақәа ирықәшәо ашәҵатәи, ашкол аҿы рхы иадырхәаша амаҭәахәқәеи раахәара. Хәыҷыцыҧхьаӡа ихҭынҵоуп  аанызқь мааҭ аҧара. Иааидкыланы, мызкы апроект «Агәыразра» иақәхарџьуп  80 нызқь мааҭ. Шықәсык иалагӡаны апроект «Агәыразра» иаҵанакуеит 120-ҩык ашколхәыҷқәа.

Апрел 28 инаркны 30-нӡа, Москва имҩаҧысит жәларбжьаратәи а-4-тәи аконференциа: «Аутизм чымазара ацәырҵра, уи ахәышәтәра» атемала.  Аҧснынтә уи иалахәын апсихолог Анна Подоленко, Аҧснытәи Аҳәынҭқарратә университет апедагогикатә факультет апсихологиа ахырхарҭала аҵара зҵо Ҳанифа Харчлааҧҳа. Урҭ уахь рцара еиҿнакааит ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны».   

Иахьа, Аҟәа ақалақь аҟны имҩаҧысит анаука-практикатә конференциа абри атемала-«Ахәыҷтәы неврологиа актуалтә зҵаарақәа», ахәыҷтәы церебралтә паралич иадҳәалоу апроблемақәа ирызкны. Аконференциа еиҿкаауп акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашанеи»,  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи» раҧшьгарала, Аҧсныи Урыстәылеи ргәабзиарахьчара аминистрра ацхыраарала.

Гәдоуҭа араион Блабырхәа ақыҭа инхо Баграт Ҧкьын иҧшәма ҧҳәыси иареи быжьҩык ахшара рааӡоит. Иреиҳабу аҭыҧҳа 18шықәса лхыҵуеит, иреиҵбӡоу хышықәса. Ахшара рацәа змоу аҧсуа ҭаацәарақәа рсоциалтә ҭагылазаашьа ауадаҩрақәа азгәаҭаны, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» урҭ ацхыраара рынаҭоит.  Афонд имҩаҧнаго апроект «Аҧеиҧш» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ҧкьынаа рҭаацәа ҳамҭас ирызнаган аҩнымаҭәахәқәа: архьшәашәага, ателевизор, амҿтәы печка, аӡырҧхага уҳәа анхара-анҵыраҿы рхы иадырхәо амаҭәахәқәа.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала, Очамчыра араион иаҵанакуа аҧсуа қыҭақәа рҟынтә, ашкол қәра иаҵанакуа, зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҵаҩцәа, апроект «Агәыразра» аҳәаақәа ирҭагӡаны ацхыраара рзыҟаҵоуп. Афонд аусзуцәа ахәыҷқәа адәқьан ахь иганы, рҭахрақәа ирықәшәо амаҭәақәа рзаархәеит, иара убас аҵара апроцесс аҟны рхы иадырхәаша ацхыраагӡақәа рзалырхит. Аӡәыцыҧхьаӡа ихҭынҵоуп аанызқь мааҭ аҧара. Мызкы жәаҩык ашкол хәыҷқәа рхарџь иартәоит 80 нызқь мааҭ аҧара. Апроект «Агәыразра» аусура мҩаҧнагоит есымза знык. Уи иадыҧхьалахоит Аҧсны раионцыҧхьаӡа аҵаҩцәа.

Аҟәа араион, Баслаҭа амҩа аҭыӡҭыҧ ала инхо, ахшара рацәа змоу Реваз Шарамбаиеи, Есико Ҳашыгҧҳаи, жәҩык аҭыҧҳацәа рааӡоит: Вероника, Кристина, Милана, Лана, Илона, Гәында, Лилиана, Евелина, Даниела.  Зегь иреиҵбу ҧшьышықәса лхыҵуеит, иреиҳабу 22шықәса. Урҭ рахьтә фҩык Аҟәатәи  а-13-тәи абжьаратә школ аҟны аҵара рҵоит. Сынтәа ҩыџьа ашкол иалгоит, ргәы иҭоуп иреиҳау аҵараиурҭа иҭаларц.

Pages

Subscribe to Syndicate