Асоциалтә

Всего осуществлено 124 проектов

Иахьа, Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа ҳамҭас иаиуит ҳаамҭазтәи амыругақәа аҧҟарҭатә зал азы. Ас еиҧш иҟаз  аусмҩаҧгатә еиҿкаан  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ацхырааралеи, ростовтәи аилахәыра  «Биофарма» абзоуралеи.

Ахәышәтәырҭа аҳақьым хада Игор Џьапуа еизаз зегьы  аҧсшәа реиҳәеит.  Иазгәеиҭеит, иахьа Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа ҳаамҭа иақәшәоу амыругақәа рыла ишеиқәыршәоу.

Иҟаҵаз ацхыраара иартәоит 900.000 нызқь мааҭ, афинанстә харџь хада ахахьы иагеит  аилазаара «Биофарма».

Абар ахыркәшарахь инеит Ермантәылантәи ареабилитолог Аҧсны лҭаара. Ареабилитолог Аҧсны лыҟазаара иалагӡаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» рхаҭарнакцәеи лареи русеицзура иабзоураны иаҭааит Гәдоуҭа, Тҟәарчал, Очамчыра, иара убас Аҟәа ақалақьқәа рреабилитациатә центрқәа. Аҳақьым инарҭбааны дазааҭгылеит ацентрқәа зегьы русура аҷыдаҟазшьақәа, анаҩс ирылҭеит хәы змоу, ахәыҷқәа рыхәышәтәреи, ареабилитациеи ирызку абжьгарақәа, иара убас иаҭаху амедицинатә маҭәахәқәа раахәаразы арекомендациақәа.

Апроект «Агәабзиара» аҳәаақәа ирҭагӡаны, «Жәларбжьаратәи афонд  Аҧсны» Аҧсныҟа даанаҧхьеит Ермантәыла Ахәыҷтәы реабилитациатә центр аҟны  ареабилитациатә маҵзура анаҧхгаҩы Лаура Мавсисиан. Ари аҭаара хықәкыс иамоуп Аҧсны ареабилитациатә центрқәа рҭагылазаашьа ахәшьара аҭара. Зегь раҧхьаӡа ареабилитолог даҭааит Гәдоуҭа ақалақь  ахәыҷтәы реабилитациатә центр «Асаркьал». Ацентр аусура гәаҭаны ареабилитолог ацентр аусзуҩцәа ирылҭеит хәы змоу, апрофессионалтә абжьгарақәа ЛФК аиӷьтәразы, иара убас иаҭаху амедицинатә маҭәахәқәа рзы арекомендациақәа.

Ӷәада ақыҭа ахадара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ашҟа иҟарҵаз ааҧхьара инамаданы, К.К. Агәмаа ихьӡ зху Ӷәадатәи абжьаратә школ ҳамҭас иаҭан арҧхагақәа 18.  Ашкол аҟны аҵара рҵоит 40-ҩык аҵаҩцәа. Ӷәада а қыҭа администрациа аиҳабы Циала Ашәҧҳа иазгәалҭеит: «Ҭабуп ҳәа шәасҳәоит «Жәларбжьаратә афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа. Шәара ишәыбзоураны ҳхәыҷқәа  арҵаратә процесс ацырҵарц рылшоит акласстә уада ҧхақәа рҿы».

Иахьа, Ассоциациа «Инва-Содействие» аусбарҭаҟны зымаха-зышьаха еибгам ауааҧсыра ирыҭан арныҟәагақәа.

Ас еиҧш иҟаз ацхыраара   алыршахеит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи» Ассоциациа «Инва-Содействие» рыбзоурала. Зегь раҧхьа иргыланы Швеицариа атәылауаҩ, еснагь ҳәа Аҧсныҟа нхара иааз Манфред Петрич  ииаирҧшыз агәыҳалалра ацхыраарала. Манфред Петрич, изныкымкәа адгылара риҭахьеит зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау ауаа, иара убас Ешыратәи ашкол, аҟазара аусзуцәа, еиуеиҧшым аусбарҭақәа.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи» Ростовтәи анаплакы «Биофармеи» русеицзура иабзоураны ацхыраара рыҭан Гәдоуҭатәи, Аҟәатәи, Очамчыратәи, Тҟәарчалтәи, Галтәи рреабилитациатә центрқәа.

Ас еиҧш иҟаз ацхыраара ҟаҵан, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭахь ареабилитациатә центрқәа рҟынтә иаашьҭыз арзаҳалқәа инарықәыршәаны.

Акондинционерқәа, амассажтә столқәа, амедицинатә маҭәахәқәа, иара убас згәабзиара ҧку ахәыҷқәа рзы  арҵагатә техника, еиуеиҧшым абзазаратә маҭәахәқәа, атренажиорқәа уҳәа, ахарџь иартәоит миллион мааҭ иназынаҧшуа.

Иахьа, Аҧсны Аҳәынҭкарра асоциал-культуратә хаҧшьгаратә фонд ахы аланархәит ҳара ҳапроект «Ани амаалықьи», уи аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳамҭақәа рзаҳшоит ҿыц ииз ахәыҷқәа.
Пицунда ақалақь, Асоциал-культуратә хаҧшьгаратә фонд аусбарҭаҿы имҩаҧысит фымз иреиҳамкәа ахшара змоу аҭаацәарақәа аҳамҭақәа ранашьара.
Асоциал-культуратә хаҧшьгаратә фонди ҳареи ҳусеицзура иабзоураны еснагьтәи аҟазшьа аҭаны ари апроект аусура иацнаҵоит Гагратәи араион аҿы.

Апроект "Агәабзиара" аҳәаақәа ирҭагӡаны "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи" акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашанеи" Ермантәылантәи  Аҧсныҟа даарыҧхьеит ортопед, иара  ДЦП ачымазара змаз хҩык ахәыҷқәа аоперациа рзыҟаиҵеит.
Аоперациа мҩаҧысуан Аҟәатәи ахәыҷтәы хәышәтәырҭаҿы.  Аҭыҧантәи аҳақьымцәеи ермантәылатәи аҳақьыми еицыҟарҵаз аоперациа,  хымҧада  ахәыҷқәа рзы акыр ихәарҭоуп , иара убас аусеицзура ахырхарҭала алҵшәақәа аанашьҭуеит.
"Сара иазгәасҭарц сҭахуп аҭыҧантәи аҳақьымцәа рпрофессионалтә ҩаӡара аҳаракыра"-иҳәеит ермантәылатәи аҳақьым.

Апроект «Агәабзиара» аҳәаақәа ирҭагӡаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсныи» акультура-гәыҳалалратә фонд «Ашанеи» еиҿыркааит Ереван ақалақь аҟынтә ахәыҷтәы ҳақьым-ортопед Аԥсныҟа иааԥхьара.  Раԥхьатәи агәаҭарақәа мҩаԥган Гудоуҭа ақалақь, ареабилитациатә центр «Асаркьал» аҟны. Раԥхьа иргыланы агәаҭарақәа ирхысит ДЦП ачымазара адиагноз змоу ахәыҷқәа.  Иара убас, адкыларахь инеит «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсныи», «Ашанеи» рыцхыраарала Ермантәыла аоперациа ззыҟарҵаз ахәыҷқәа, аҳақьым урҭ рылҵшәақәа дреигәырӷьеит.

"Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" имҩаҧнаго  апроект "Агәыразра" аҳәаақәа ирҭагӡаны ацхыраара рнаҭеит ахшара рацәа змоу,  Мыркула ақыҭа инхо Ҧачкориаа рҭаацәа.

Pages

Subscribe to Syndicate