Асоциалтә

Всего осуществлено 124 проектов
Embedded thumbnail for Ареабилитациатә  центрқәа ацхыраара рыҭоуп

Ааигәа,  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсни» Ростовтәи аилак «Биофармеи» аусеицуразы аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит. Убри инақәыршәаны,  иахьа, Тҟәарчал, Очамчыра, Гал ахәыҷтәы реабилитациатә центрқәа агәыҳалалратә цхыраара рзыҟарҵеит. Уахь иаҵанакуеит абзазартә, амедицинатә техника, абаҩарҵәыратә тренажиорқәа, афатә, акондиционерқәа, акомпиутертә  техника уҳәа.

Ааигәа, ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуеи, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иаҵанакуа Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуа ҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәбеи, аусеицуреи аиҩызареи рыбжьаҵаразы  аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.

Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахахьы иагеит Аҧсуаҭҵааратә институт аҭоурых аҟәша ауада аремонт аҟаҵара.

Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ветеран, «Агәымшәараз» амедал занашьоу Иури Воуба, ҧшьҩык ахшара драбуп. Дынхоит Дранда аҳаблан.

Апроект «Ани амаалықьи» аусура иацнаҵоит. Есҽны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭахь иаауеит аҧсуа ҭаацәарақәа, ҿыц зыҩнаҭаҟны ахшара дииз. Урҭ араҟа ирзыҧшуп ан лхәыҷы иааӡараҟны лхы иалырхәаша амаҭәахәқәа зҭоу ашәыра. 2017 ш. алагамҭа инаркны иахьа уажәраанӡа аҧсуа ҭаацәарақәа ҳамҭас ироухьеит 607 шәыра. Ҳара ҳгәырӷьара еизнарҳауеит  урҭ есааира рхыҧхьаӡара иахьацло!

Аҟәатәи ақәыҧшцәа  рыҩны апроект «Апрофориентациа ацентр» напхгара алҭоит  аҧсихолог, асеқциа аиҳабы Хаҭуна Лагәуаҧҳа.  «Жәларбжьаратәи афонд  Аҧсны» ари апроект адгылара анаҭеит. Аноутбукқәа хәба ҳамҭас иананашьеит.

Ари ацентр хықәкыс иамоуп ахәыҷқәеи, аҿари рзаанаҭ алхраҿы ацхыраара рыҭара. Апроект аусура иабзоураны, Аҧсны иаатуеит раҧхьатәи аусбарҭа,  еизҳауа абиҧара рзаанаҭ алхраҿы ацхыраара рызҭо.

Ашкол ахь ацара згәы хыҭ-хыҭуа иазҧшу аҵаҩцәа рзы, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  аҳамҭа рызнархиеит. Зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҧсуа ҭаацәарақәа, ахшара рацәа змоу, заа ирыҩхьаз арзаҳал инақәыршәаны,  иахьа шьыжьнаҵы  афонд аусбарҭахь имҩахыҵит.  Афонд аусзуцәа аҭаацәа ирзеиҭарҳәеит рнапы злаку ауснагӡатәқәа ртәы, ахәыҷкәа ирызку апроектқәа зҿлымҳарыла ишазнеиуа. Убас еиҧш, апроект «Агәыразра» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҧсны араионқәа рҟынтә 20-ҩык ахәыҷқәа ацхыраара рыҭан. Адәқьан ахь иганы амаҭәақәа рзаахәан, иара убас аҵараҿы рхы иадырхәаша амаҭәарқәа.

Иахьа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа, амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳа, афонд ахаҭарнак Сырма Ашәҧҳа аҭааит Очамчыра араион Аҭара ақыҭа инхо Кәыҵниаа рҭаацәа.

​«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусбарҭа  ҩынтәуп иаҭаауеижьҭеи  Гәниаа рҭаацәа.  Апроект «Ани амаалықьи» аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҭаацәа реиҳабы Рустам Гәыниа, раҧхьа ииз ихәыҷы изы шықәсык аҧхьа иоухьан аҳамҭа, усҟан афонд аусуцәа ажәа риҭеит шықәсык анаҩс ҩаҧхьа  дшаауа, ус егьыҟалеит.  Иахьа, уи  инапы иаркын Амелиа Гәниаҧҳа хәыҷы лзы аҳамҭа.

 Ҳарҭ даара гәахәас иҟаҳҵоит ҳфонд  аҧсуа ҭаацәарақәа анаҭаауа, ҿыц ииз рыхшара рыхьӡала адныҳәалара аныҟаҳҵо, аҳамҭақәа анранаҳшьо. 

Аҟәа ақалақь, Ажәытә ҳаблаҿы инхо Маланӡиа Беслани, Ҵәыџьҧҳа Марҭеи хәҩык ахшара рааӡоит, ҧшьҩык арҧарцәеи, ӡӷабки: Давид, Дамир, Амир, Самир,  Самира. Давид быжьшықәса ихыҵуеит, сынтәа актәи акласс далгеит. Ԥшьҩык аишьцәа раҳәшьа хәыҷы Самира шықәсык лхыҵуеит, ҩыџьа ахәыҷбаҳчахь иныҟәоит. Аҭаацәа реиҳабы Беслан, еснагьтәи аусура имаӡам, аха изакәызаалак ихы деигӡом, ихшара амла иамкырц азы уахгьы-ҽынгьы аус иуеит. Аҧшәмаҧҳәыс  излалҳәаз  ала, есымза ахәыҷқәа рзы аҳәынҭқарра фнызқь мааҭ аҧара азоунажьуеит,  аха уи рхы рзаланыҟәгом.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго   есымзатәи апроект «Агәамч» аҳәаақәа ирҭагӡаны уи  аусура иацҵан Очамчыра араион Мықә ақыҭан. Апроект  аҧҟарақәа инарықәыршәаны, аҧсуа школқәа аспорттә маҭәахәқәа рыла еиқәнаршәоит.  Иахьа, Гьаргь Чачба ихьӡ зху  Мықәтәи актәи абжьаратә школ аҵаҩцәа аҳамҭақәа рызнаргеит афонд ахаҭарнакцәа Симон Агрбеи, Роман Қапбеи.  Ари аус аҟны афонд адгылара анаҭеит Ҭемыр Логәуа еиҳабыс дызмоу аиҿкаара «Морпром». 

Pages

Subscribe to Syndicate