Ажурнал "Аҧсынтәыла Сара стәыла " аусзуцәа Гәрам Амқәаби, Сырма Ашәҧҳаи аҭааит адунеи жәларбжьаратәи азхаҵара змам Аҩадатәи Кипр аҳәынҭқарра.

Ажурнал "Аҧсынтәыла сара стәыла " аусзуцәа Гәрам Амқәаби, Сырма Ашәҧҳаи аҭааит адунеи жәларбжьаратәи азхаҵара змам Аҩадатәи Кипр аҳәынҭқарра. Ажурналистцәа араҟа ирҧылеит Кавказ ихҵәаз амилаҭқәа рхаҭарнакцәа. Ара урҭ зегьы ачерқьесцәа ҳәа ирышьҭоуп. Аҭоурыхҭҵааҩ ишиҳәаз ала, Кипр инхоит даараӡа ирацәаҩны Кавказаа, аха рхыҧхьаӡара еилкаам. Иара убас иазгәеиҭеит, абырзенцәа хылаҧшра ззыруа Аладатәи Кипр аҿы ишыҟоу ачерқьесқәеи адыгааи рқыҭақәа. Аҭоурыхҭҵааҩ игәаанагарала, уаҟа инхо Кавказаа, Аҩадатәи Кипр аҟны аасҭа акыр еиҳауп. Аха, ииашаны шаҟаҩ ыҟоу рхыҧхьаӡаара еилкаам, аҭҵаарагьы аӡә дашьҭоуп ҳәа агәаанагара имам. 
Ажурналистцәа рыҿцәажәеит хылҵшьҭрала аҧсуаа иреиуоу Кипр атәылауаа, аҳәынҭқарратә усзуцәа, иара убас адепутатцәа, аҵарауаа, Кипртәи ашьапылампыласыҩцәа, афедерациа ахаҭарнак. 
Абарҭ анҵамҭақәа зегьы инарҭбааны аҧхьара алыршахоит "Аҧсынтәыла сара стәыла" аҩбатәи аномер аҟны. 

Subscribe to Syndicate