Сақариа имҩаҧысит Владислав Арӡынба игәалашәаратә хәылҧазы

Арҭ амшқәа рзы, Ҭырқәтәыла,  усуратә визитла иҟаз ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны » ахада Сонер  Гогәуеи, уа инхо ҳдиаспора рхаҭарнакцәеи реиҧылара мҩаҧысит. Март 4 рзы,  Ҭырқәтәыла иҟоу аҧсуаа ркультуратә хеидкылақәа рҟны инарҭбааны иазгәарҭеит Аҧсны Аҳәынҭқарра раҧхьатәи ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба игәалашәара иазкыз аусмҩаҧгатәқәа. Адаҧазар, Сақариа ақалақь аҟны еиҿкаау аҧсуаа ркультуратә хеидкыла аиҳабы, ҳџьынџьуаҩ  Орал Бганба иаҧшьгарала имҩаҧысыз Владислав Арӡынба игәалашәаратә хәылҧазы ашҟа ааҧхьара иман «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сонер Гогәуа. Уи иқәгылараҿы дазааҭгылеит Аҧсны Аҳәынҭқарра раҧхьатәи ахада ихьӡ Аҧсныи аҧсуа жәлари  рҭоурых  иузаҟәымҭхо ишадҳәало.

Иара убас, иазааҭгылан ҳдиаспореи ҳареи ҳаимадарақәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы.

Subscribe to Syndicate