Сҭампыл ақалақь аҿы имҩаҧысит "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" аделегациеи Аҧсуа федерациа ахаҭарнакцәеи реиҧылара

Аиҧылара ааиртит ҳџьынџьуаҩ Аадем Махариа. Уи иқәгылараҿы дазааҭгылеит Аҧснынтә аделегациа раара хықәкыс иамоу, иара убас еизаз идирдырит урҭ хаҭа-хаҭала афонд аусураҿы рнапы злаку. Анаҩс, ажәа иҭан афонд ахада Сенер Гогәуа. Сенер  Гогәуа инарҭбааны далацәажәеит афонд аусура атәы, уи аҳәынҭқарра аргылараҿы ҵакыс иамоу, иара убас афонд злашьақәгылоу ахарџь ахьынтәаауа. Ажәахә ҟазҵаз Сенер Гогәуа агәыӷра  ааирҧшит афонд аҿиара амҩа иадгылап ҳәа ҳџьынџьуаа.

 "Ҳара ҳажәлар рҿаҧхьа иӡбамкәа иқәгылоу азҵаарақәа даара ирацәоуп. Избанзар, ҭоурыхла изықәшәахьо ауадаҩрақәа маҷым. Убарҭ зегьы ҳариааины ҳарҭ иҳабжьаҳҵароуп аиамдара, ҳажәлар аҿиара ҿыцмҩа ианызҵо"-иҳәеит, Аҧсны абыргцәа реилазаара аиҳабы  Аппалон Шьынқәба.

Аиҧылараҿы ирзааҭгылан егьырҭ азҵаарақәагьы.

Subscribe to Syndicate