Тамшь ақыҭан инхо 18 ҭаацәара ацхыраара рыҭоуп

Иахьа, Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд  Аԥсны» Тамшь ақыҭан инхо 18, змазаратә ҭагылазаашьа хьысҳау аҭаацәарақәа ацхыраара рнаҭеит. 18, афатәқәеи, ахәшәқәеи иара убас абзазаратә химиеи реизгақәа  раҳасабала иҟаз ацхыраара нашьҭын «Очамчыратәи ахәыҷтәы агәыҳалалратә ҩны» анапхгаҩы Селма Занҭариаԥҳа лахь. Лара лганахьала ари ацхыраара 18 ҭаацәара ирзыналышьҭуеит.

Зыӡбахә ҳәоу, змазаратә ҭагылазаашьа хьысҳау аҭаацәарақәа рыцхыраара иазку акциа ҳфонд аусура иацнаҵоит, иагьымҩаԥысуеит ҳфонд алахәылацәа, ақалақь  Ростов аҟны иҟоу аилахәыра «Биофарма» ацхыраара абзоурала.

Subscribe to Syndicate