Тҟәарчалтәи агәыҳалалра-ааглыхратә ҵараиурҭа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала акомпиутерқәа ҧшьба, ҳамҭас еиҭанашьоуп.

Зхаҭабзиара ҳараку акомпиутерқәа ҧшьба, ааигәа  Тҟәарчалтәи агәыҳалалра-ааглыхратә ҵараиурҭа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала ианашьан. Иахьа,  даҽа ҧшькомпиутерк ари аҵараиурҭа ахьӡала еиҭадәықәҵан.

«Ҳара излаҳалшо ала, Аҧсны араионқәа ацхыраара раҳҭоит. Убас еиҧш, гәцаракрыла ҳазнеиуеит ақалақь фырхаҵа-Тҟәарчал. Тҟәарчалтәи аҵараиурҭа компиутертә классла аиқәыршәаразы, ааигәа акомпиутерқәа ҧшьба рзааҳгахьан. Усҟан ажәа ҳҳәеит, даҽа ҧшькомпиутерк еиҭашраҳҭо.  Ҳажәа, хымҧада инаҳагӡеит.  Акомпиутертә класс аус ауртә еиҧш еиқәыршәоуп. Аҵара зҵо агәабзиареи, аманшәалареи рзеиӷьаҳшьоит»-иҳәеит афонд ахада Сенер Гогәуа.

Ҳтәыла даара иаҭаху аспециалистцәа ари аҵараиурҭаҟны еиҵарааӡоит.   80-ҩык инареиҳаны астудентцәа аҵара рҵоит, иҟоуп егьырҭ араионқәа рҟынтә иаауа. Астудент дызхысуа амаҭәар  иақәнаго атехникатә знеишьа аниоулак, игәаҳәара еиҳагьы иеиӷьхоит, аҵара агьама бзиа иоуеит. Ас еиҧш аҿар ҵара-дыррала реиқәыршәара аус аҟны, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» адгылара ҟанаҵоит.

Subscribe to Syndicate