Урыстәылатәи Адипломат Имш иазку адныҳәалара

«Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ахада Сонер Гогәуа Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны Урыстәылатәи Афедерациа  аҵҳаражәҳәаҩ  Двинианин А.А. иахь инаишьҭит Урыстәылатәи Адипломат Имш иазку адныҳәаларатә шәҟәы. Уаҟа хәҭакахьала  иҳәоуп: ... Урыстәылатәи адипломатиа аҭоурых аҟны иҟан ахьыӡ  дууқәеи, аихьӡарақәеи рацәаны. Аха иахьатәи аамҭазы урыстәылатәи адипломатиа аҿаԥхьа игылоуп еиуеиԥшым аԥынгылақәа, урҭ рахь иаҵанакуеит аҭоурых аилагара, аглобалтә шәарҭадара ашәарҭара, иара убас  аруссофобиатә политика аконсолидациа азура. Ирацәоуп Урыстәылатәи адипломатцәа иахьа ҳаԥсадгьыл аҟны аҭынч ԥсҭазаара ахьчаразы,  Аԥсны иацхрааша имҩаԥырго аусурақәа.

Subscribe to Syndicate