Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи реиҿагылара ҳажәлар ахааназы хәарҭа рзаанамгац.

Ноиабр 24, 2015шықәса рзы, Тырқәтәылатәи арратә-ҳаиртә мчқәа, Сириатәи ажәҩан аҵаҟа иҭадырхаз Урыстәылатәи аруаа, арегионалтә еибарххарақәа рыҿиара амҩа ылнахит. Еиҩызцәаз, аус еицызуаз, 40млрд.доллар ахәаахәҭра еикәыршара зыбжьаз, мышкала еиӷацәахеит.

Аҧсназы, ас еиҧш аҭагылазаашаьа, аекономика еиҧш, аполитикагьы ақәыӷәӷәара анаҭоит. Ҳҳәынҭқарра аҿаҧхьа иқәгылоу азҵаара хадақәа ируакуп аҳәаанырцә инхо ҳдиаспореи ҳареи ҳаимадара арҿиара. Анаҩс,  ҳдиаспора ирыдҳәалоу ихадароу хырхарҭоуп ҳәа иҧхьаӡоуп Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара аиҩызара арҭбаара. Аҭоурых ахыҵхырҭақәа рыла ибзианы иаҳгәалашәоит, аҩҳәынҭқаррак реиҿагылара, ҳажәлар иҽеиу мҩак ахь ишкылнамгац.

Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи реиҩызареи, русзеицзуреи, арегион аҟны аҭышәынтәалара алнаршоит.

20 шықәса инарзынаҧшуа, аҧсуа диаспореи, ауаажәларреи, абизнеси, ҭырқәтәылатәи ахырхарҭаҿы, адәныҟатәи аполитикатә ус  иацназгоз мҩаны иҟан. Ҳара, иаартыз аиҩызара ҳабжьан. Ҭырқәтәыла анаҩсгьы, егьырҭ атәылақәеи ҳареи ҳаиҩызареи, ҳусзеицзуреи, Аҧсныи Урыстәылеи ринтересқәа ирҿагылаӡамызт, иҳабжьаз аиқәышаҳаҭрақәа инарықәыршәаны.  Ҳарҭ,  астратегиатә еизыҟазаашьа ҳабжьоуп. Уи, егьырҭ атәылақәеи ҳареи ҳаҿиарамҩа иаҧырхагаӡам.

Ҭырқәтәылеи ҳареи ҳусеицзура-альтернативатә ҟазшьа змоу политикаӡам.  Урыстәылеи ҳареи ҳаиҩызара-ари, еихатәы ҧардаӡам.

Ҳара ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара иҟан алҵшәа бзиа змаз,  иара убас, илҵшәадаз аамҭақәа.  Ҳара ҳахаануп Ельцин иаамҭа,  аблокада, Ихьыҧшым Аҳәынҭқаррақәа Реидгыла  аганахь ала,  Аҧсны, Қырҭтәыла  аилазаарахь  ахы анархоз.  Усҟан,  Аҧсны инхоз зегьы, изларылшоз ала рхы ныҟәыргон, аҧсҭазаара иазықәҧон. Ахацәа, Аҧсны анҭыҵ изцомызт, афинанстә цхыраара ҳәа егьыҟамызт.  Владислав Арӡынба,  аблокада аҳәаақәа   ирҭагӡаны,  Аҧсны аинтересқәа ихьчон. Усҟан,  ҳара ҳәынҭқаррак аҳасабала ҳшьақәгылеит, егьҳалшеит аӡәы инапы ҳанымҧшылакәа ахеиқәырхара, ахныҟәгара.

Ҳара ҳхы мацара акәӡамызт иаҳахьчоз, иҳахьчон  Алада Урыстәылатәи аҳәаақәа Нато архәҭақәа рҟынтә.  «Ҭырқәтәылатәи  анырра»  ҳәа изышьҭоу ҳҽаҳамҭаӡеит, усҟантәи аамҭазы адунеи ахь узлацәырҵуа иҟаз мҩа заҵәык акәын-уи Ҭырқәтәыла ала акәын.  Ҳара ҳҽеиқәҳархеит, ахәҭакахьала, Ҭырқәтәылатәи ахәаахәҭра иабзоураны.  Арҭ ашықәсқәа зегьы, уи  аҿиара иаҿын  ҳдиаспора рхаҭарнакцәа рыла. Аҧсны анапхгара ракәзар, аофициалтә ҟазшьа змамыз аизыҟазаашьақәа, ҳтәыла иабалансны иҟарҵон.

Аҧсныи Ҭырқәтәылеи инхо аҧсуаа, 2008 шықәса рзы,  Урыстәыла иаанарҧшыз адгылара,  акыр ахә ҳаракны иршьоит.

Сара сгәаанагарала, Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи ирыбжьоу ахәаахәҭра,  иара убас, Аҧсны Ҭырқәтәыла аганахь ала зымҩаҧгара алшо асанкциа, ҳтәыла ианымҧшырц залшом.

 Хымҧада, Аҧсны ианыҧшуеит. Атауарқәа дефицитхоит, уи ҳара  ҳмилаҭтә аалыҵқәа рыла иҳазхарҭәаауам. Зыхә хало аалыҵ хкқәа рацәахоит.

Ҭырқәтәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьа-аҭира, аахәара мацара акәӡам.  Уи инвестициа дууп, арацәа аҵхра, аҧсыӡ аалыҵ(50млн. доллар рҟынӡа), есышықәса еизҳауеит, Аҧсны абиуџьет ахашәала анаҭоит. Аҵла аус адызуло анаплакқәа раалыҵ, Ҭырқәтәылаҟа идәықәырҵоит,  20 млн. доллар инареиҳаны, ақыҭанхамҩа аинвестициа ашҟа. Аҧсны иҟоуп 150 наплакы инареиҳаны, аекспорти аимпорти ала аус зуа.

Егьа ус акәзаргьы,  иарбан економиказаалак, ауаҩытәыҩса ихаҭара, изыҟазаашьа азаҧсахуам.  Ҭырқәтәыла-економикатә партниоруп,  убри анаҩсангьы, уа инхоит зықьҩыла ҳауаажәлар.  Ҳдиаспора, иџьашьахәу ахымҩаҧгара рымоуп, даҽа тәым тәылак аҟны ишынхо азгәамҭакәа,  еилкаарыла иазнеиуеит  рҭоурыхтә ҧсадгьыл имҩаҧнаго адәныҟа политикатә ус,  Аҧсныи Урыстәылеи ринтересқәа ирҿагылаӡам.

  Ҿыӷәӷәала исҳәарц сылшоит,  адиаспора ас еиҧш иҟоу рхымҩаҧгара-уи ҳара ҳусура иалҵшәоуп ҳәа. Адиаспора, Аҧсны иузаҟәымҭхо иадҳәалоуп.  Ҳара ҳажәлар, аполитика, агеографиа, мамзаргьы даҽа хырхарҭақәак рыла, реиҟәшара аҭахӡам.  Сара изласыҧхьаӡо ала,  ҳдиаспореи  ҳареи ҳаизыҟазаашаьа арҿиара- уи ҳара ҳҧеиҧш ауп,  ҳҳәынҭқарреи ҳхьыҧшымреи иагарантуп.

Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи реизыҟазаашьа иацу аибарххара азгәаҭауа,  Аҧсны аполитикатәи ауаажәларратәи  мчрақәа ирыдызгаларц сҭахуп, ҳдиаспора адгылара рырҭарц, иара убас,  Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи реизыҟазаашьа аиӷьтәра иацхраарц,  уаанӡеиҧш,  ауааҧсыра, ахәаахәҭра мҩаҧыргаларц, еиҧымкрада, насгьы визада  сасра еиҭанаиааилрц.

Subscribe to Syndicate