Владимир Аҩӡба - 80 шықәса ихыҵит

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  ахьӡала, иира мшы идаҳныҳәалоит  20 шықәса инарзынаҧшуа Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы Аҧсны  ахаҭарнакс иҟаз Владимир   Џьамал-иҧа Аҩӡба!

Владимир  Џьамал-иҧа акырӡа илша рацәоуп  аҳәаанырцә инхо ҳџьынџьуааи ҳареи ҳаимадара аус аҿы, ҳдиаспора рҭоурыхтә ҧсадгьыл радыҧхьалараҿы. Еснагь еиҧш иахьагьы, хеигӡарак ҟамҵакәа иҧсадгьыли иуаажәлари рымаҵ аура даҿуп. Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуа ҭҵааратә институт ахыҵхырҭа-ҭҵааратә ҟәшаҿы аус иуеит. Иажәа акрыҧхылнадоит, илаҧш ҳәаа ахара инаӡоит.

Владимир    Џьамал-иҧа изеиӷьаҳшьоит агәабзиара, арҿиаратә еихьӡарақәа,  аманшәалара, аҧсуа иқәра нҵыра ду!   

Subscribe to Syndicate