Владимир Џьамал-иҧа Аҩӡба иҧсҭазаара иалҵра инамаданы адышшылара.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аусзуҩцәа зегьы гәалсра дула ирыдышшылоит зыҧсҭазаара иалҵыз Владимир Џьамал-иҧа Аҩӡба  иуацәеи иҭынхацәеи.

Дыҟаӡам ас еиҧш зегьы иазыҳаҵҳаҵоз, агәы разы змаз Владимир Џьамал-иҧа иҧсҭазаара иалҵра згәы иалымсыз ауаҩы.

Иара дахысит аҧсҭазааратә мҩа лаша.  Аҭакҧхықәра змаз имаҵура ҭыҧқәа рыцыҧхьаӡа рҟны иара далкаахон зеиҿкаара ҳаракыз, апрофессионализми ауаҩбзиабареи ирҿырҧшыгаз ауаҩы иаҳасабала. Иазгәаумҭар ҟалом иара хәы змаӡам, Аҧсни Ҭырқәтәылаҟны адиаспореи реимадаразы раҧхьатәи ацҳақәа рыбжьаҵаразы илагала. Ҭырқәтәылаҟны Аҧсны ахаҭарнак иаҳасабала иара илиршеит иузыҟамҵо.

Ҳауаажәлар зегьы рзы ари идуу ацәыӡ ауп. Владимир Џьамал-иҧа еиҧш  иҟоу ауаа аҟәыӷареи агәалашәареи рхыҵхырҭас  иаанхоит.

Иҧсы аҭынчра ақәзааит. Ихьӡ лаша наунагӡа иаанхоит ҳагәқәа рҟны.

Сонер Гогәуа
Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны
Ахада

Subscribe to Syndicate