Владимир Каҧба иҧсҭазаара иалҵра инамаданы адышшылара

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» гәалсра дула адышшылара ҟанаҵоит зыҧсҭазаара иалҵыз, Аҧсны зҽаҧсазтәыз ажурналист, аорден «Ахьӡ-Аҧша» акавалер 3-тәи аҩаӡара, Аҧсны жәлар Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, «Агәымшәаразы» амедал занашьоу, ауаҩы, зыҧсҭазааратә мҩа уадаҩыз, аха агәырҩеи аџьабааи дырмыхәаҧшӡакәа ақьиареи, аламыси, иҧсадгьыли рахь аиашара аазырҧшуаз Владимир Николаи – иҧа Каҧба иуацәеи иҭынхацәеи рахь.

Владимир Николаи-иҧа Каҧба иҧсҭазаара иалҵра ҳфонд даара гәалсра дула иҳадаҳкылеит, избан акәзар иара димаҳәуп «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» анапхгара алахәҩы Оқҭаи Чкотуа. Владимир Каҧба иҭаацәара еснагь иаҳзааигәан.

Subscribe to Syndicate