Аҿар рполитика
Агрба Симон Закан-иҧа
Жәларбжьаратәи афонд «Аҧсны», аҿаҧхьа иқәгылоу, зынагӡара иаҿу азҵаарақәа рацәоуп. Афонд аҩнуҵҟа еиҿкаауп ахеилакқәа, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла аус зуа. Урҭ рхыҧхьаӡараҿы иҟоуп аҿартә политика иазкыу ахеилак. Афонд анапхгара аус адулара иаҿуп Аҧсны, Нхыҵ-Кавказ, аҳәаанырцә инхо аҿар злахәхараны иҟоу ауснагӡатәқәа. Ҳара ибзианы еилаҳкаауеит, ҳҳәынҭқарра аҿиареи ашьақәгылареи аус аҟны, аҿар иааныркыло ихадароу аҭыҧ.
Агәаанагара сымоуп, афонд иалшо зегьы ҟанаҵап ҳәа, адунеи иҧсаҟьаны иалаҧсоу ҳмилаҭ реидкыларазы. Уи аҧхьаҟа ҳаимаздо цҳаны сахәаҧшуеит. Хымҧада, ари аус иадҳаҧхьалоит, аус ҳацура иазыхиоу аҿар.
«Атеатри ахәыҷқәеи» - аҟазареи абзиабара рылааӡара.
01/04 2016 to 01/04 2019

«Атеатри ахәыҷқәеи» - афонд еснагьтәи проектуп. Уи аҳәаақәа ирҭагӡаны, есымза, Аҧсны араионқәа рҟынтә знык, ахшара рацәа змоу, иара убас зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҭаацәарақәа рҟынтә ахәыҷқәа алшара рымоуп аҳҭны қалақь аҟны иҟоу атеатрқәа руак аҿы аспектакль ахәаҧшра. Ахәыҷқәа ирбоу аҟазара анаҩс, анашанатә дунеи аҧсҭазаарахь ршьаҿақәа еихыргоит, уи хьӡысгьы иамоуп «Атеатр». Хымҧада, ахәыҷқәа рзы уи арызҵазкуа хҭысуп. Аспектакль анаҩс, ахәыҷқәа рзы афонд еиҿнакаауеит ақалақь аҩныҵҟа аныҟәарақәа. Зегь раҧхьаӡа иргыланы ас еиҧш иҟоу апроект, ахәыҷқәа апатриотизмра рыланааӡоит, рыҧсадгьыл агәыбылра днаркуеит.
«Агәамч» - аспорт абзиабара рылааӡара
15/05 2016 to 01/05 2019

Агәамч - афонд еснагьтәи проектуп, еизҳауа абиҧара аспорт абзиабара рылааӡара иазкуп. Ари апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, есымза «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ҳтәыла ақыҭа школқәа аспорттә маҭәахәқәа рыла еиқәнаршәоит. Ақыҭақәа рҿы аспорт аҿиара ацхыраара аҭара, уаҵәтәи аҧеиҧш лаша иазкуп.
Агәыразра – аҵаҩцәа рзы ацхыраара
18/02 2016 to 17/03 2019

Еснагьтәи афонд апроект, зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау ашкол аҵаҩцәа рыцхыраара иазкуп. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», есымза, жәаҩык ашколхәыҷқәа , аӡәыцыҧхьаӡа, аанызқь мааҭ аҧара аҳәаақәа ирҭагӡаны,ирыгу ирыбзоу амаҭәақәеи, ашкол аҟны рхы иадырхәо амаҭәахәқәеи рзаархәоит.
Апроект аусура аҟны адгылара ҟанаҵеит Аҧсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра. Урҭ, афонд, асиа рзышьақәнаргылеит, амамзаара иахҟьаны, ашкол ахь имцоз ахыҷқәа рсиа ашьақәыргылараҟны.