«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ааҧхьара - Ҭырқәтәыла имҩаҧысуа аҳәынҭқарратә хҭысқәа инарымаданы.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» еснагь адгылара анаҭоит ҭынч мҩала аимакқәа рызҵаара аӡбара, иара убас аҩныҵҟатәи аполитикатә еиҿагыларақәа хшыҩзышьҭла разнеира. Убри инамаданы, ҳара агәҭынчымра ҳазцәырнамгар залшом Ҭырқәтәыла имҩаҧысыз аҳәынҭқарра ахырбгалара аҽазышәара. Ҭырқәтәыла-Аҧсны иазааигәоу гәылоуп. Уаҟа инхоит хыҧхьаӡара рацәала ҳдиаспора. Ҭырқәтәыла-Аҧсны аҩбатәи економикатә партниоруп.

Ари арегион аҟны аҭынчра ашьақәыргылара, атәылауаа аҭынч ҧсҭазаара рыҭара, Ҭырқәтәылатәи Ареспубликеи Аҧсныи ҩаҧхьа русеицзура аҿиара шьаҭас иҟаҵаны, ҳара ҳаҿагылоуп идемократиатәым, азакуан ҟазшьа змам Ҭырқәтәыла аполитикатә мчрақәа зегьы рганахь ала имҩаҧысуа ахҭысқәа. Агәыӷра ааҳарҧшуеит иаарласны Ҭырқәтәыла иҟоу аҭагылазаашьа шҭышәынтәалоу, ауааҧсыра аҭынч ҧсҭазаара шроуа. Ҳара гәалсра дула иҳадаҳкылоит иҭахаз рхыҧхьаӡара ахьырацәоу, ҳрыдышшылоит урҭ рыуацәеи рҭынхацәеи.

Subscribe to Syndicate