«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәеи Очамчыра араион ахадеи еиқәшәеит.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа, афонд амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳа, афонд аҟны иаҧҵоу акультуреи аҵарадырреи, адемографиеи арепатриациеи рхеилакқәа рнапхгаҩцәа Нугзар Логәуа, Сырма Ашәҧҳа, афонд  ахьӡала араион ахаҭарнакс иҟоу Демиан Гогәуа  идикылеит  Очамчыра  араион ахада  Хьрыҧс Цьапуа.  Аиҧылараҟны «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа инарҭбааны дазааҭгылеит афонд аҿаҧхьа иқәгылоу ахықәкы, дрылацәажәеит еснагьтәи апроектқәа рыӡбахә. Араион ахада диирдырит афонд ахьӡала Очамчыратәи ахаҭарнакс ааигәа зыӡбаҳә ҳәаз Демиан Гогәуа. Афонд ахада агәыӷра ааирҧшит, ҳауаажәлар рыцхыраара, рыдгылара аус аҟны, афонд имҩаҧнаго ауснагӡатәқәа рҟны, Очамчыра араион администрациа аганахь ала  ахаҵгылара роуп  ҳәа.

Ахәҭакахьала, Хьрыҧс   Џьапуа , афонд аусура ахә ҳаракны ишьеит. Иҳәеит аҳәынҭқарреи, ажәлари, ацхыраара зырҭахьоу ауааи, афонд  абзырӡы шырҳәо. Дазааҭгылеит Очамчыра араион аҭагылазаашьа зеиҧшроу. Иааидкыланы иаҳҳәозар,  зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҧсуа ҭаацәарақәа 40 ҭӡы инареиҳаны ишыҟоу. Изларылшо ала ацхыраара шрырҭо. Абри аус аҿы, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсныи», Очамчыра араиони, еицҿакны аус ҩнапык ала иазнеир, алҵшәа шыҟало.

Аиҧылараҟны ишазгәаҭаз ала,  аҧхьаҟатәи русеицура амҽхак арҭбааразы, афонд Очамчыратәи ахаҭарнак   анапынҵақәа иҭан. Очамчыра араион ахада Хьрыҧс  Џьапуа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа иҭабуп ҳәа иеиҳәеит аибашьра аамҭа инаркны иахьа уажәраанӡа, ижәлар рыхьчара, рыдгылара, рымаҵ аура дахьазыхио. Иҩызцәеи иареи зҿу, хәарҭара злоу аус аҿы, изларылшо ала адгылара шрырҭо. 

Subscribe to Syndicate