«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала ашьапылампыл асыҩцәа Алеқсеи Бондаренко, Дмитри Кәартаа, Шабаҭ Лагәуа аҧаратә ҳамҭақәа ранашьан.

Ихьыҧшым ашьапылампылтә ассоциациа аконфедерациа аҧшьгарала, Маи 28 инаркны Иун 5-нӡа, Аҧсны имҩаҧысуан  ашьапылампыл азы Адунеи ачемпионат.  Уи иалахәын 12 команда. Ачемпионат афинал аҟны, Аҧсны еизгоу ашьапылампылтә команда Пенџьаба иахьацыхәмаруаз 7:6 ҳәа Аҧснытәи акоманда  аҧыжәара агеит. Убас ала, ConIFA аверсиала, Аҧсны еизгоу ашьапылампылтә команда ҳтәылаҿы имҩаҧысуаз Адунеи ачемпионат аҿы аҧхьахәтә ҭыҧ иаҧсахеит.

Аҧсны еизгоу ашьапылампылтә команда ахәмарыҩцәа зегьы қәҿиарала рхы аадырҧшит имҩаҧысуаз ахәмаррақәа зегьы рҿы.  Убри инамаданы, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала, уи ахада Сенер Гогәуа,  аҧаратә ҳамҭақәеи, аџьшьаратә шәҟәи ранеишьеит ашьапылампыл асыҩцәа : Алеқсеи Бондаренко, Дмитри Кәартаа, Шабаҭ Лагәуа. Ирзеиӷьеишьеит ақәҿиарақәа, аихьӡарақәа, еснагь Аиааира!

Ашьапылампыл асыҩцәа, ҭабуп ҳәа рарҳәеит Сенер Гогәуа зхадараҿы дыҟоу афонд ахаҭарнакцәа. Иазгәарҭеит иргаз Аиааира –Аҧсны жәлар зегьы риааира шакәу!

Subscribe to Syndicate