«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» анапхгареи, аилазаареи, Ҳҳәынҭқарра абираҟ амш шәыдаҳныҳәалоит.
23/07 2021
Акыр иаҧсоу ҳауаажәлар!
Аҳәынҭқаррақәа зегьы ирымоуп рхатә ҭоурых, рхатә бираҟ. Абираҟ-ажәлар знысыз рҭоурыхтә мҩа, рҿахәы еиҭазҳәо символикоуп. Аҧсуа бираҟи агерби рыдкылара амш, ҳаҧсуа жәлар рмилаҭтә-хақәиҭратә қәҧараҿы, ирылукааша ҭоурыхтә хҭысны иҟалеит. Имариамызт усҟантәи аамҭазы иҟаз аҭагылазаашьа. Уи ҷыдала иҭиҵаауан, хылаҧшра аиҭон, Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет Ахантәаҩы, ҳтәыла раҧхьатәи Ахада Владислав Григори-иҧа Арӡынба. Аҧсуа бираҟи агерби равтор, асахьаҭахҩы, Леон иорден занашьоу, Валери Гамгиа, илша акырӡа ирацәоуп.
Аҧсны Аҳәынҭқарра абираҟ амш-ари милаҭтә ныҳәоуп.Аҧсуа жәлар риааиреи рхақәиҭреи иасимволуп. Ҳажәлар ракзаареи, рмилаҭ доуҳатә беиареи ирҿахәҳәагоуп.
Ҳарҭ, гәык-ҧсык ала ишәыдаҳныҳәалоит иҧшьоу ари аныҳәа. Ҳҳәынҭқарра еснагь иахашәыршәырлааит ҳаҧсуа бираҟ! Ихьыҧшым, зых иақәиҭу Аҧсни ҳаҧсуа жәлари еигымзааит!
Ҳаҭырла,
Ауаажәларратә еиҿкаара
«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»