«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» апроект «Агәамч» аусура иацнаҵеит Мықә ақыҭа

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» имҩаҧнаго   есымзатәи апроект «Агәамч» аҳәаақәа ирҭагӡаны уи  аусура иацҵан Очамчыра араион Мықә ақыҭан. Апроект  аҧҟарақәа инарықәыршәаны, аҧсуа школқәа аспорттә маҭәахәқәа рыла еиқәнаршәоит.  Иахьа, Гьаргь Чачба ихьӡ зху  Мықәтәи актәи абжьаратә школ аҵаҩцәа аҳамҭақәа рызнаргеит афонд ахаҭарнакцәа Симон Агрбеи, Роман Қапбеи.  Ари аус аҟны афонд адгылара анаҭеит Ҭемыр Логәуа еиҳабыс дызмоу аиҿкаара «Морпром». 

 Мықәтәи абжьаратә школ адиректор Асланӡиа Мераб Шамил-иҧа ҭабуп ҳәа ахиҳәааит  Сенер Гогәуа напхгара зиҭо афонд имҩаҧнаго аусура.  Иазгәеиҭеит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  қәрала ишқәыҧшу, аха амҽхак акыр ишыҭбаау, ахьӡ-аҧша шыҳараку.

Ашкол арҵаратә ҟәша анапхгаҩы Ҭарба Изольда Ҳаик-иҧҳа илҳәеит, ақыҭа школқәа рзы афонд имҩаҧнаго аусура аҵак ду шамо, аҧхьаҟагьы афонди дареи аусеицура ишазыхио.

Апроект «Агәамч» есымзатәи проектуп . Уи аус ауеит Аҧсны араионқәа зегьы рҟны. 

Subscribe to Syndicate