"Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" апроект ҿыц "Агәыразра" аусура хацнаркит.

Ҳазҭалаз ашықәс азы, афонд иаҧшьнагеит апроект ҿыц "Агәыразра". Уи аҧҟарақәа инарықәыршәаны, ишьақәырӷәӷәоуп ашколхәыҷқәа рхыҧхьаӡара, шықәсык аҩныҵҟа афонд ахьӡала ацхыраара зауа. Апроект "Агәыразра" иаҵанакуеит 120-ҩык ашколхәыҷқәа. Шықәсык, апроект ахә иартәоит 960нызқь мааҭ. Хаҭала, 120-ҩык ахәыҷқәа рыцыҧхьаӡа аанызқь мааҭ рыхә амаҭәа рнапаҿы ироуеит. Есымза, апроект жәаҩык ашколхәыҷқәа адгылара рынаҭоит. Иахьа, апроект аусура хацнаркит. Тҟәарчал араион аҟынтәи 10-ҩык ахәыҷқәа ироуит ааба-ааба нызқь мааҭ рыхә амаҭәа.

Subscribe to Syndicate