«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аҧшьгарала, Аҧснытәи аделегациа Ҭырқәтәылатәи Ареспублика иаҭаауеит

Ԥхынгәы 17 инаркны 23-нӡа, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа  напхгара ззиуа аделегациа усуратә визитла Ҭырқәтәылатәи Ареспублика иаҭаауеит.  Урҭ уахь рцара хықәкыс иамоуп афонд имҩаҧнаго аусура ҳдиаспора рызнагара. Аиҧыларақәа мҩаҧысуеит Сақариа, Каисери, Есқьишьеҳир ақалақьқәа рҿы, иазгәаҭоуп  аҧсуа культуратә центрқәа еидызкыло Аҧсуа Федерациа ахаҭарнакцәеи дареи  реиҧылара. Иара убас,  Аҧснытәи аделегациа рхы аладырхәуеитАҧсуа бираҟ амш аҳаҭыразы  Есқьишьеҳир ақалақь аҿы имҩаҧысуа ахҧатәи афестиваль.  

Subscribe to Syndicate