«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» есымзатәи апроект «Агәыразра» аусура иацҵоуп.

Ашкол ахь ацара згәы хыҭ-хыҭуа иазҧшу аҵаҩцәа рзы, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  аҳамҭа рызнархиеит. Зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау аҧсуа ҭаацәарақәа, ахшара рацәа змоу, заа ирыҩхьаз арзаҳал инақәыршәаны,  иахьа шьыжьнаҵы  афонд аусбарҭахь имҩахыҵит.  Афонд аусзуцәа аҭаацәа ирзеиҭарҳәеит рнапы злаку ауснагӡатәқәа ртәы, ахәыҷкәа ирызку апроектқәа зҿлымҳарыла ишазнеиуа. Убас еиҧш, апроект «Агәыразра» аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҧсны араионқәа рҟынтә 20-ҩык ахәыҷқәа ацхыраара рыҭан. Адәқьан ахь иганы амаҭәақәа рзаахәан, иара убас аҵараҿы рхы иадырхәаша амаҭәарқәа. Хымҧада, аҵаҩцәа рзеиҧш, аҭаацәа рзгьы ари цхыраагӡа дууп. Уи ус шакәыз азгәарҭеит дара.

«Сара Мықә ақыҭаҿы сынхоит. Изласылшо ала схандеиуеит, фҩык ахшара срабуп, сгәабзиарагьы уашәшәыроуп. Даара ҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп абас еиҧш ацхыраара ҳазҭаз афонд ахада Сенер Гогәуа аҧхьа днаргыланы уи аусзуцәа зегьы. Гәцаракрыла ҳҭагылазаашьа азгәаҭаны иаҳхаҵгылеит»-иҳәеит Бадри Ахсалба.

Апроект «Агәыразра» аусура иацҵахоит иааиуа амзазы.   

Subscribe to Syndicate