«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» фҩык аус азҟазацәа апремиа рананшьеит.

Embedded thumbnail for «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» фҩык аус азҟазацәа апремиа рананшьеит.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны», 2015 шықәса рзы ҳҳәынҭқарра аҿиараҿы аихьӡарақәа аазырҧшыз, аџьшьаратә  ҳамҭа  «Ахьӡырҳәага» ранашьара иазку ахәылҧаз еиҿнакааит. Уи рхы аладырхәит Аҧсны аиҳабыра рхаҭарнакцәа, ауаажәларратәи акультуратәи усзуҩцәа, аҵарауаа, аҿар.

Ахәылҧаз аҿы, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сонер Гогәуа инарҭбааны дазааҭгылеит, напхгара зиҭо афонд имҩаҧнаго аусурақәа рхықәкы.  Аамҭа кьаҿк иалагӡаны, еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рҟны афонд излалшоз ала, ҳҳәынҭқарреи ҳауаажәларреи реизҳазыӷьараҿы аусқәа  реиҿкаара ишаҿыз, аҧхьаҟагьы мҽхакы ҭбаала аусура  ацҵара ргәы ишҭо. Иазҧхьагәаҭан ирымоу асоциал-бзазаратә ҟазшьа змоу апроектқәа шырацәоу.

Анаҩс, афонд аексперттә комиссиа абзоурала, Аҧсны араионқәеи ақалақьқәеи  рҟынтә иалкааз фҩык апрофессионалцәа,  аџьшьара ранашьара иазкыз  ацеремониахь ииасын. Зыхьӡ ҳәаз аус азҟазацәа, ахьӡырҳәагақза  иреиуоуп:

Есма Ҭарҧҳа – аҵарадырраҿы леихьӡарақәа рзы, Ҷубурхьынџьтәи абжьаратә школ аҧсуа бызшәеи алитературеи рырҵаҩы. 

 Џьамал Ажәанба – абизнес аҿы иеихьӡарақәа рзы, Очамчыра араион, Аракьаҽы ақыҭаҿы ауҭраҭых ааӡарҭатә фирма «Фруктис» аиҳабы.

Нарҭ Гамгиа – амедецинаҿы иеихьӡарақәа рзы, Аҧсны атәылахьчара аминистрра иатәу арратә хәышәтәырҭа ахирургиатә ҟәша аиҳабы.

Оҭар Хәынҵариа – акультураҿы иеихьӡарақәа рзы, Аҧсны Жәлар рартист .

Саида Багаҭелиаҧҳа – аҭҵаарадырраҿы леихьӡарақәа рзы, Аҟәатәи афизика-техникатә институт аҵарауаҩ қәыҧш.

Ален Аҩӡба – аспорт аҿы иеихьӡарақәа рзы, аҧкьаҭ мпыл асҩы қәыҧш.

Ахәылҧаз зхы алазырхәыз алшара рыман, зҽалызкааз ауаа ирызкыз афотонҵамҭақәа рыхәаҧшра. «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала, урҭ иранашьан аџьшьаратә дыргақәеи, агәаларшәагатә ҳамҭақәеи (апланшетқәа). Иара убас, афирма «Абхазморпром» аиҳабы Ҭемыр Логәуа иҟаиҵо афинанстә цхырааразы ианашьан аҽхәаҧхьыӡтә шәҟәы.

Ашықәс ҿыца алагамҭазтәи, аныҳәатә ҟазшьа змаз ахәылҧаз лахҿыхрала имҩаҧысит.

Subscribe to Syndicate