«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Гәдоуҭа араион ҳамҭас иарҭеит акомпиутерқәа ҧшьба.

Иахьа, “Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахаҭарнакцәа,  афонд ахада ихаҭыҧуаҩ Мақсим  Ӷәынџьиеи, амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳаи,   афонд аусзуҩ Симон Агрбеи, Гәдоуҭа араион ахадеи реиҧылара мҩаҧысит.  Афонд ахаҭарнакцәа ҳамҭас Гәдоуҭаҟа инаргеит акомпиутерқәа ҧшьба (аноутбукқәа). Ари аусмҩаҧгатә еиҿкаан афонд апроектқәа руак аҳәаақәа  ирҭагӡаны, Аҧсны араинтә еиҿкаарақәеи ашколқәеи компиутертә техникала реиқәыршәара инамаданы.

«Ас еиҧш иҟоу апрограмма, ашколқәа, ареспубликатә еиҿкаарақәа  аҭагылазаашьа бзиа рнаҭоит иҿыцу атехникатә, аелектронтә хархәагақәа рыла аусуразы,  аҵаҩцәа рҵараҿы уи цхыраагӡаны ҳахәаҧшуеит. Ҳара иҳамоуп егьырҭ апроектқәагьы, Гәдоуҭа араион ҳазлацхрааша»-иҳәеит Мақсим Ӷәынџьиа.

 Гәдоуҭа араион администрациа ахада Руслан Ладариа, афонд ахаҭарнакцәа ҭабуп ҳәа реиҳәеит иаадырҧшуа ахаҵгыларазы, аҧхьаҟатәи руснагӡатәқәа рҿы аихьӡарақәа рзеиӷьеишьеит.

«Сара исыӡбеит иаҳзаажәгаз аноутбукқәа,шәыхьӡала,  Аацы ақыҭаҿы иҟоу абжьаратә школ ианасшьарц. Афонд иабзоураны, уаҟа иааҳартуеит акомпиутертә класс, ҳазҭагылоу аамҭазы уи ахархәашьа рдыруазароуп аҵаҩцәа зегьы»-ҳәа азгәеиҭеит Руслан Ладариа. 

Subscribe to Syndicate