«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» хышықәса ахыҵит

Embedded thumbnail for «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» хышықәса ахыҵит

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  аҧҵан февраль 12, 2015 ш. рзы.  Иахьа , уи иахыҵит хышықәса.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  хышықәса ахыҵра аҳаҭыразы имҩаҧган апресс-конференциа. Уи азкын афонд абри аамҭа иалагӡаны имҩаҧнагаз аусқәа реихшьаала атәы. Хыҧхьаӡара  рацәала асасцәа, урҭ рыбжьара   ажурналистцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа, афонд апартноирцәа, иара убас Аҧсны егьырҭ ауаажәларратә еиҿкаарақәа реиҳабацәа, афонд аҳасабырба  иазыӡырҩит.

Иара убас, еизаз алшара рыман афонд иҭнажьуа ажурнал «Аҧсынтәыла сара стәыла»  аномер ҿыц аиура.

Афонд ахаҭарнак Гурам Амқәаб, апресс-конференциа аартуа, ажәа ииҭеит «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада  Сенер Гогәуа. Афонд амаӡаныҟәгаҩ  хада Асида Инаҧшьҧҳа, аизара зхы алазырхәыз инарҭбааны идлырдырит афонд хырхарҭа рацәала иҟанаҵахьоу асура атәы. Ахәҭакахьала, «Жәларбжьаратәи  Афонд Аҧсны»  абиуџьет   хышықәса ирылагӡаны ишартәаз  41  110  917 мааҭ.

Анаҩс, афонд ахада ихаҭыҧуаҩ Мақсим Гәынџьиа дазааҭгылеит егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи афонди русеицура атәы. Арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны, 50 инареиҳаны жәларбжьаратәи аимадарақәа шьақәырӷәгӷәан, 40 инарзынаҧшуа  аҳәаанырцәтәи аныҟәарақәа.

Афонд ахаҭарнак Иулиа Гәымҧҳа еиҭалҳәеит  афонд асоциалтә хырхарҭа иамҽханакуа аусура атәы. Аҧсны ареабилитациатә центрқәа рыцхыраара,  ДЦП аачымазара змоу ахәыҷқәа ргәабзиара ашьақәыргылара-агәабзиарахьчара ахырхарҭала афонд аусура хадақәа ируакуп.

Еизаз аӡәырҩы «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» аџьшьара арҭеит имҩаҧнаго агәыҳалалреи, ацхыраареи рзы. Ажурналистцәа рызҵаарақәа рҭакқәа ҟаҵан.

Иахьатәи аизара ихы иархәаны, афонд ахада Сенер Гогәуа иҳәеит, ааигәа Урыстәыла атәылауаҩра шимхыз,  уи мзызс ишамаз  адокумент аҿы дахьиз аҭыҧ иашамкәа иахьарбаз, насгьы  техникатә шҽыҵгоу.

«Араҟа аполитикатә ҽыҵга аҧшаара аҧсоуп ҳәа исыҧхьаӡом. Сара, Урыстәыла атәылауаҩра шсымхугьы, ҳаҧсадгьыл аинтересқәа рыхьчареи, Урыстәылеи Аҧсни реиҩыза аҿиареи срыдгылоуп»-иҳәеит Сенер Гогәуа.

Апресс-конференциа ахыркәшамҭаз, асасцәа агәаларшәагатә ҳамҭақәа ранашьан.

Subscribe to Syndicate