«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» алахәылацәа ҿыцқәа.

Иорданиатәи ҳџьынџьуаҩ, аҳақьым Рами Иаган-Маани уи иҧшәма ҧҳәыс Наҳла Бӷажәҧҳаи, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» иалахәылацәоуп.

Рами, занааҭла дҳақьымуп, инагоу ҟазоуп онкологиатә хирургиаҿы. Иара, Иорданиатәи амедецинатә университет адекан ихаҭыҧуаҩыс дыҟоуп, астудентцәа алекциақәа дырзаҧхьоит. Иара убас, хирургс аус иуеит Иорданиатәи ауниверситет агоспиталь аҟны.

Аҧсны иҟазаара иалагӡаны, ҳҳақьымцәеи иареи еибабеит. Аҧхьаҟатәи русеицуразы акыр азҵаарақәа ирылацәажәеит. Иазгәаҭатәуп, уажәшьҭарнахыс, Апснытәи аҳақьымцәа рҧышәа аизырҳаразы алшара шрымоу Иорданиаҟа ацара.

«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ажәалагала ҟанаҵеит Жәларбжьаратәи амедецинатә конференциа Аҧсны имҩаҧгазарц. Уи иадыҧхьалазарц жәларбжьаратәи акласс змоу аҳақьымцәа. Ус еиҧш иҟоу аконференциақәа  изныкымкәа имҩаҧысхьеит. Ҳаҭыр зқәу аҳақьым Рами иҳәеит, аҧсуа-дыга хылҵшьҭрақәа, занааҭла иҳақьымцәоу, ари аус иадыҧхьаланы, аусмҩаҧгатә аиҿкаара ацхыраара шаиҭо. Ҳәарада, Аҧсны амедецинатә маҵзура аҩаӡара аизҳаразы уи акырӡа ицхыраагӡахоит.

Subscribe to Syndicate