“Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны” иҟанаҵаз ааҧхьаара, Ҭырқәтәыла иҟаз Урыстәылатәи ацҳаражәҳәаҩ иҭархара инамаданы.

“Ҳара даара ҳаршанхеит гәымбылџьбарыла Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟаз Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ  Андреи Геннади-иҧа Карлов иҭархара. Ари аҩыза агыгшәыгтә хымҩаҧгара ақәнага иақәыршәатәуп,  ас еиҧш ацәгьоура мҩақәызҵаз ахара идҵатәуп.

Ибзианы иубарҭоуп, Ҭырқәтәылатәи Ареспубликаҿы иҟаз Урыстәылатәи Афедерациа ацҳаражәҳәаҩ ипрофессионализми, ихымҩаҧгареи ирыбзоураны, аурыс-аҭырқәатә еизыҟазаашьа аиҭашьақәгылара ишаҿыз, аха аҩҳәынҭқаррак рыбжьара аидыслара интересс измаз  уи ҧынгыла рнаҭон.

Ҳара агәра ҳгоит,  алшарақәа анеидҵаха, Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи  иаадырҧшырц шрылшо ацәгьоуәеи, ауаҩшьра ҟазҵази  рхаҭарақәа, урҭ рыхьӡқәа  рышьақәыргылара. Ари аҩыза ахлымӡаах, ҩжәларык реизыҟазаашьа еиҳагьы еизааигәанатәуеит.

Ауаажәларратә еиҿкаара “Жәларбжьартәи афонд Аҧсны” гәалсра дула ирыдышшылоит Андреи Геннади-иҧа Карлов иҭаацәа”.

Subscribe to Syndicate