«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Тҟәарчал араионтә хәышәтәырҭа ахшараиурҭатә ҩны абзазаратә мыругақәеи, амедицинатә маҭәахәқәеи рыла еиқәнаршәеит.

Embedded thumbnail for «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Тҟәарчал араионтә хәышәтәырҭа ахшараиурҭатә ҩны абзазаратә мыругақәеи, амедицинатә маҭәахәқәеи рыла еиқәнаршәеит.

Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа хада аартын 1953ш. азы. Ахшараиурҭатә ҩны акәзар, иахьа уажәраанӡа аус шауц иауеит. Араҟа аус руеит зҧышәа ҳараку 20-ҩык инарзынаҧшуа аҳақьымтә еилазаара. Иҟоуп аҳҭны қалақь аҟынтәи Тҟәарчалҟа  усура ицо ахәыҷтәы ҳақьымцәагьы.  Акыр шықәса раахыс ахшараиуҭатә ҩны хеигӡарак ҟамҵакәа хадара азылуеит Елисо Кәарҷиаҧҳа.  Аибашьра ашьҭахь, араҟа аҭагылазаашьа аҽамҧсахӡеит. Амедицинатә маҭәахәқәа инадыркны, абзазаратә мыругақәа рҟынӡа зегь ажәит, хымҧада урҭ зегьы ҧсахтәуп.

Сенер Гогәуа хадара ззиуа «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахьӡала, Тҟәарчалтәи ахшараиурҭатә ҩны ҳамҭас ианашьан архьшәашәага, амаҭәаӡәӡәага амашьына, арҧхагақәа, хкы рацәала амедицинатә маҭәахәқәа, иара убас абзазаратә мыругақәа маҷымкәа.

«Сара мышқәак раҧхьа Тҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа саҭааит ДЦП ачымазара иадҳәалоу азҵаарақәа инарыдҳәаланы. Ҳара ҳфонд уи хықәкыла аус аднаулоит. Убасҟан избеит ахшараиурҭатә ҩны акыр ацхыраара аҭахны ишыҟаз. Ажәагьы рысҭеит иаарласны изласылшо ала, адгылара шрысҭо. Сгәы иаанагоит Тҟәарчал иалҵыз, акры змоу ауаа, аҧхьаҟа ас еиҧш агәыҳалалратә ҟазшьа змоу  аусқәа ишырхаҵгыло. Ҳҳәынҭқарра инаҷыданы, досу иҳалшо ала ҳанеидгыла, аус алҵшәа маиурц залшом»-иҳәеит Сенер Гогәуа.

Сенер Гогәуа, иара убас ахшараиурҭатә ҩны аусзуәа ирзеиҭеиҳәеит, ҷыдала ҽыц ахшара зауа анацәа рысабицәа рааӡараҿы рхы иадырхәо амаҭәахәқәа рыла ишеиқәдыршәо. Уи апроект хьӡыс ишамоу «Ани амаалықьи».

Тҟәарчалтәи ахшараиурҭатә хәышәтәырҭа аиҳабы Елисо Кәарҷиаҧҳа, афонд ахада Сенер Гогәуа аҧхьа днаргыланы, уи аусзуцәа зегьы ҭабуп ҳәа ралҳәеит иаадырҧшыз ахаҵгыларазы. Сенер Гогәуа ицны ахшараиурҭатә ҩны иаҭааит афонд ахаҭарнакцәа, иара абри ахәышәтәырҭаҿы ииз Абессалом Кәарҷиа, Иулиа Гәымҧҳа,  Сырма Ашәҧҳа.

«Ақалақь фырхаҵа-Тҟәарчал иахҭнагахьоу рацәоуп. Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭа, ҳахәышәтәырҭа ианымҧшырц залымшеит. Амыругақәа зегьы ажәызаргьы, реиқәырхара ҳалҳаршеит. Ҳус ҭакҧхықәрала ҳазнеиуеит. Аҧхьаҟа аҿиара ҟалароуп. Мызкы иалагӡаны, араҟа 10-ҩык инарзынаҧшуа аҳәса ахшара роуеит. Ирацәоуп ақыҭақәа рҟынтәи ахшараиура иаҳзаауа аҳәса. Иҟоуп 40 ш. инареиҳаны аус зухьо, иахьагьы ааҧсарак ҟамҵакәа зус бзиа ибаны иназыгӡо аҳақьымцәа, амедеҳәшьцәа»-ҳәа азгәалҭеит Елисо Кәарҷиаҧҳа.

Тҟәарчал имҩаҧысыз агәыҳалалратә ҟазшьа змаз  аусмҩаҧгатә рхы аладырхәит Тҟәарчал администрациа анапхгара, ақалақьтә еизара адепутатцәа, афонд ахьӡала Тҟәарчал аус зуа ахаҭарнак.  Иазгәаҭатәуп, иара убас  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ааигәа, Тҟәарчалтәи агәыҳалалратә  коллеџь акомпиутерқәа рыла ишеиқәнаршәаз. 

Subscribe to Syndicate