«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» Тҟәарчал ақалақь ахәыҷбаҳча ацхыраара анаҭеит

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуа, амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳа, афонд аусзуҩ Мџьыҭ Гогәуа Тҟәарчал ақалақь ахәыҷбаҳча иаҭааит.

Тҟәарчал ақалақь аҿы аус зуа иҟоу зыӡбахә ҳамоу аҳәыҷбаҳча заҵәык ауп. Уи еиднакылоит 120-ҩык ахәыҷқәа. Ахыбра ааигәа еиҭашьақәыргылан, аха иҟоуп ахарҭәаара зҭаху, ахәыҷбаҳча ааигәа-сигәа аиаҵәара ыҟам, иҟам иара убас ахәыҷтәы дәы.

Ахәыҷбаҳча анапхгаҩы Ельвира Ҵнариаҧҳа лажәақәа рыла, ахәыҷбаҳча аныҟәгаразы иазоужьу аҧара ахәыҷқәа рыкрафареи, асанитартә ҭагылазаашьа ахылаҧшреи роуп изызхо.

«Зегь раҧхьа иргыланы, иҳамоу ауадаҩрақәа шәыбжьы ахьрықәшәыргаз, ҭабуп  ҳәа шәасҳәоит, урҭ араҟа ирацәоуп. Ахәмаргақәа ҳамам, асаан маҭәахә  ҳазхом,  ацәарҭамаҭәа хеит, ауадақәа архьшәашәагақәа рыла еиқәыршәам. Убри аҟынтә ҳара аспонсорцәа рыҧшаара ҳашьҭоуп, афинанстә хьысҳара ҳамоуп» - ҳәа азгәалҭеит Ҵнариаҧҳа.

Афонд ахаҭарнакцәа, ахәыҷбаҳча нап ҭацәыла имаҭааит, урҭ ахәыҷқәа еиуеиҧшым ахәмаргақәа   рзааргеит.  

Тҟәарчалтәи ахәыҷбаҳча аҭагылазаашьа еилызкааз афонд ахада Сенер Гогәуа иазгәеиҭеит, аҧхьаҟагьы ацхыраара шриҭо.

«Афонд ахьӡала арзаҳал азшәырхиа, ишәыгу-ишәыбзоу анышәҵа, уи ҳара ахаҵгылара азаҳуеит.  Ахәыҷқәа ирызку атема  ҳара ҳфонд чыдала иазнеиуеит»-иҳәеит Сенер Гогәуа. 

Subscribe to Syndicate