«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа аҳамҭақәа рызнархиеит.

Ауаажәларратә еиҿкаара «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» , Ашықәс Ҿыц аламҭалазы, згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәа аҳамҭақәа рызнархиеит. Ашәырақәа ҩычоуп ахаамыхаақәа рыла. Урҭ зынӡа 400 цыра ыҟоуп. Аҧсны араионқәа зегьи рҟны аус зуа ареабилитациатә центрқәа урҭ еихшаны ирыҭоуп. Афонд ҷыдала иазнеиуеит ахәыҷқәа ргәабзиарахьчара иазку азҵаара, имаҷым уи ахырхарҭала инанагӡо аусмҩаҧгатәқәа, аҧхьаҟагьы гәҭакқәас иамоу.

Акыр иаҧсоу ахәыҷқәа! Ишәыдныҳәалазааит Ашықәс  ҿыц! Агәабзеиареи, агәамчи шәыгымзааит!  Шәдунеи ҧшӡа еснагь игәырӷьахәу, илахҿыху ҧшшәыла ихаҭәазааит!  Ҽааныбзиала шәнеиааит!

Subscribe to Syndicate