«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»ахаҭарнакцәа «Анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи» рзы Аҟәатәи аҟәша Аиаара амш рыдырныҳәалеит

Аиааира амш ныҳәа аҳаҭыразы «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахадара Аҟәатәи аҟәша аоргтехника ҳамҭас ирызнаргеит.

Аиҧылараҟны, афонд амаӡаныҟәгаҩ хада Асида Инаҧшьҧҳа, Анацәа Аиааира амш рыдылныҳәалеит. Убри аан иазгәалҭеит: «Аиааира агаразы,  шәара шәыхшара рхы ақәырҵеит.  Шәҿаҧхьа ҳхырхәоит, шәымчи шәылшеи еизакны, иахьа ҳҳәынҭқарреи, ҳауаажәларреи рымаҵ аура шәахьаҿу».

Subscribe to Syndicate