«Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»ахаҭарнакцәа - Индиа ахьыҧшымра аныҳәа азгәаҭараҿы.

Арҭ амшқәа рзы «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахада Сенер Гогәуеи, аекономикатә  ҿиареи аинвистициақәеи рзы ахеилак анапхгаҩы Абессалом Кәарҷиеи, усуратә визитла Урыстәылатәи Афедерациа иаҭааит. Урҭ рхы рыладырхәуеит ари амчыбжь азы Москва ақалақь аҿы имҩаҧысуа Индиа ахьыҧшымра амш ныҳәа азгәаҭара иазку аусмҩаҧгатәқәа. Уи апрограмма акыр ихаҭәаауп.  Аныҳәа рхы аладырхәуеит Индиатәи Урыстәылатәи артистцәа, амузыкантцәа, акәашацәа. Ицәыргақәҵахоит Индиатәи амилаҭтә чысхкқәа,  уҳәа индиаа ркультура ӡырызго  амаҭәахәқәа.

Аныҳәахь  аофициалла ааҧхьара рымоуп  «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны»  ахаҭарнакцәа. Урыстәыла иҟоу Индиатәи  ахаҭарнакраҿы имҩаҧысит  ацҳаражәҳәаҩ Панкаџь Сарани Аҧснытәи аделегациеи реиҧылара. Уаҟа урҭ рзааҭгылеит аҧхьаҟатәи русеицуразы азҵаарақәа маҷымкәа. Иара убас, Сенер Гогәуеи, Абессалом Кәарҷиеи, Москва рыҟазаара  иалагӡаны  ирҧылеит  Индиатәи  ахаҭарнакцәа маҷҩымкәа.

Иазгәаҭатәуп, мышқәак раҧхьа  Аҟәа ақалақь, «Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны» ахыбраҿы ишымҩаҧысыз афонд ахада Сенер Гогәуеи, Индиатәи абизнес «Алианс» ахада Семмит Коҭвани,  аусеицуреи, аиҩызареи рзы аиқәышаҳаҭра рнапы шаҵарҩыз. Аганқәа еиқәышаҳаҭрала иазнеит еиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла еицырзеиҧшу апроектқәеи, апрограммақәеи реицынагӡара. 

Subscribe to Syndicate