«Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» аҳасабырбатә конференциа.

Иахьа, асасааирҭа «Атриум-Викториа» аконференц зал аҟны имҩаԥысит «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» аҳасабырбатә конференциа.

Аусмҩаԥгатә рхы аладырхәит афонд  ахаҭарнакцәа, аус рыцызуа ауаажәларратә усзуцәа рхаҭарнакцәа.  Афонд имҩаԥнаго аусуразы аџьшьара арҭеит . Еизаз зегьы иазгәарҭеит ҳҳәынҭқарраҿы иуԥыло  асоциал-економикатә уадаҩрақәа рыӡбараҟны афонд иҟанаҵо ацхыраара.

Афонд ԥшьышықәсатәи  аусуратә аамҭа иалагӡаны иныхуп  50 млн.мааҭ.

Ахәҭакахьала,

- Апроект «Ани амаалықьи» аҳәаақәа ирҭагӡаны 2886-ҩык ахәыҷқәа аҳамҭақәа рызшан;

- Апроект «Аԥеиԥш»  ацхыраара рнаҭеит Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи рҟны инхо 28 ҭаацәара;

- «Агәырзазра» апроект акәзар, 162-ҩык ашкол аҵаҩцәа зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳау, ашәҵатәи ашколтә маҭәахәқәеи рыла еиқәнаршәеит.

- Апроект  «Агәамч» ацхыраарала,  школқәак рҟны аспорттә маҭәахәқәа рыҭан, абаҩарҵәыратә усҩаԥгатәқәа еиҿкаан, ашьапылампылтә команда «Самырзаҟан» аспорттә формақәа азаахәан;

- Апроект «Адырра ҿыц» аҳәаақәа ирҭагӡаны иҿыцу атехнологиақәа рыла еиқәыршәан ашәҟәыԥхьарҭақәа, ареабилитациатә центрқәа, арҵаратә усбарҭақәа, иааидкыланы иаахәан 35 компиутери, апринтерқәа быжьбеи;

- Апроект «Атеатри ахәыҷқәеи» иабзоураны,  500-ҩык ашкол аҵаҩцәа  ҳтәыла  еиуеиԥшым араионқәа рҟынтә атеатртә қәгыларақәа рбартә еиԥш аҭагылазаашьа рыҭан, иара убас аҭоурыхтә ҭыԥқәа рахь иган.

- Апроект «Ақәранҵыра» акәзар, шәышықәса инареиҳаны изхыҵуа абыргцәа аҳамҭақәеи адныҳәаларакәеи рзыҟанаҵеит.

- Апроект «Агәабзиара»,  афонд аҿы иҟоу апроектқәа зегьы  иреиҳауп. Ари апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, аматериалтә цхыраара рзыҟаҵан Аԥсны ареабилитациатә центрқәа зегьы.  Урыстәылеи Ермантәылеи аҳақьымцәа русеицзура иабзоураны ДЦП ачымазара змаз ахәыҷқәа апрофессионалтә медицинатә цхыраара рыҭан. Ахәҭакахьала, Аԥсныҟа иаауеит Ерманәылатәи аҳақьымцәа, араҟа урҭ ахәыҷқәа ргәаҭарақәа мҩаԥыргоит.  Аусурақәа рылҵшәа иабзоураны, 17-ҩык ахәыҷқәа ДЦП ачымазара змаз Ермантәыла операциақәа рзыҟарҵеит, рхалагьы аиҭаҵра иалагеит.

 «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ԥшьышықәсатәи аусура иалагӡаны аконференциақәа аабеи, актуалра злоу жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи, ҳтәыла аекономикатә ҿиареи , арепатриациа азҵаарақәеи, ҳаԥсуа ҵасқәеи-ақьабзқәеи  ирыдҳәаланы астол гежьқәа мҩаԥнагахьеит, иара убас иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа ҳтәылаҿы инарыгӡо асоциал-политикатә ԥсҭазаара убрахь иналаҵаны.

Аԥсны аҭоурыхтә рыцхәқәеи аиубилеитә ныҳәақәеи инарымаданы, «Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» аиԥыларақәа мҩаԥнагон, арҿиаратә хәылԥазқәа еиҿнакаауан, иара убас арҭ аусмҩаԥгатәқәа еиҿызкаауаз егьырҭ аструктурақәа ацхыраара рынаҭон. Афонд ахаҭарнакцәа активла рхы аладырхәуеи ҳтәыла акультуратәи ауаажәларратәи усмҩаԥгатәқәа.

«Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» иҟанаҵаз афинанстә цхыраара иабзоураны, иаԥҵан иҳәынҭқарратәым арҵаратә центр  «Академиа», уаҟа ирҵоит  фбызшәак: аԥсшәа, аурысшәа, англыз, аҭырқәшәа, аиспан, араб бызшәа, астудентцәа хәыҷқәа ирымоуп алшара аменталтә арифметика захьӡу ахысра.

Ҳтәыла аӡыргара хықәкыс иҟаҵаны афонд ахаҭарнакцәа аҳәаанырцәтәи атәылақәа ирҭаауеит, ҳдиаспора ахьынхо убрахь иналаҵаны.

Афонд анапхгара ирыбзоураны ҳдиаспора рхаҭарнакцәа злахәыз аиԥыларақәа мҩаԥган Миунхен, Аҩадатәи Кипр, Ҭырқәтәыла:  Сҭампыл, Анкара, Сақариа, Каисери, Есқьишьеҳир.

 Изныкымкәа аныҟәарақәа мҩаԥган Урыстәыла, Иорданиа, Ермантәыла, Египет, Ҭырқәтәыла. Урҭ аиԥыларақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаан атәылақәа рнапхгаҩцәеи, ҳдиаспореи, абизнесуааи рԥыларақәа.

Арҭ  ашықәсқәа ирылагӡаны афонд аҩызцәа ҿыцқәа арҳаит, 19 еиҿкаареи афонди  аусеицуразы  аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьарҵеит. Ас еиԥш иҟоу аусеицура иабзоураны, зсоциалтә ҭагылазаашьа хьысҳаз аҭаацәарақәа ацхыраара роуит.

 Афонд иҭнажьит аԥсышәала аҭҵаара-дырратә журнал   «Аԥсынтәыла-сара стәыла» аномерқәа хԥа.  Уи еиҭаган урысшәала, ҭырқәшәала, англыз бызшәала. Аԥсны иазкыз аӡыргаратә видеороликқәа ҩба ҭнажьит, иара убас урысшәала, ҭырқәшәала, араб бызшәала, англыз бызшәала   аброшиурақәа.  

Subscribe to Syndicate