«Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» аконкурс «Мини-Мисс», иара убас «Аԥсны Аҳкәажә» амҩаԥгаразы ацхыраара анаҭеит

Нанҳәамза 7 рзы Аҟәа имҩаҧысит абаҩхатәреи аҧшӡареи ирызку афестиваль "Аҧсны Аҳкәажә 2019", иара убас "Мини Мисс Аҧсны 2019".  Ари афестиваль есышықәса имҩаҧыргоит "Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" акультуратә фонд "L-star" рыцхыраарала.

"Аҧсны Аҳкәажә 2019" ахьыӡҳәараҟны аиааира лгеит Иарна Гемуаҧҳа. "Мини Мисс Аҧсны 2019" атитул иланаршьеит Арина Кәакәасқьырҧҳа.
"Аҧсны Апринцесса 2019" ахьыӡ ланашьан Валериа Учаа. "Аҭыҧҳа ҧшӡа хәыҷы 2019" ахьыӡ лоуит Софиа Шамбҧҳа.
"Жәларбжьаратәи афонд Аҧсны" ари апроект аҟны аспонсорқәа ируакуп.

Зеиҧш ыҟам аусмҩаҧгатә ахәыҧшыҩцәа зегьы рзы иныҳәа духеит.

Subscribe to Syndicate