«Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны» ашықәсҿыцтәи апроект хыркәшоуп

Ашықәс ҿыц аламҭалаз "Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" имҩаԥнагеит идуу, Аԥсны ареабилитациатә центрқәа зегьы изхылаԥшуа ахәыҷқәа рыцхыраара иазку ашықәсҿыцтәи акциа.

Ҳара ҳҩызцәа хәыҷқәа - Аҟәа, Очамчыра, Гәдоуҭа, Гагра, Ҭҟәарчал, Гал ақалақьқәа рхәыҷтәы реабилитациатә центрқәа рҟны изхылаԥшуа ироуит 600 инареиҳаны ашықәсҿыцтәи аҳамҭақәа. Арҭ, афонд аколлектив зегьы еизыргаз аҳамҭақәа агәахәара узҭо харҭәаагахеит ула хызкуа апрограмма аҟны. Иара убас ашықәс ҿыц аламҭалазтәи амшқәа рзы, ҳара ҳадныҳәаларақәеи, 180 ахаа-мыхаатә ҳамҭақәеи роуит ақыҭақәа Ҷлоу, Ҭхьына, Оҭаԥ, Ԥақәашь ашколқәа рҵаҩцәа, иара убас 1-тәи, 2-тәи Мықәтәи ашколқәа. Хәҭакахьала, Мықәтәи 1-тәи ашкол афонд еиқәнаршәеит арԥхагақәеи, ашықәсҿыцтәи аԥсаӡ зладырҩычо ахәмаргақәеи рыла.

Ауаажәларратә еиҿкаара "Жәларбжьаратәи афонд Аԥны" ахада - Сонер Гогәуа зегьы ирыдиныҳәалоит иааиуа 2020-тәи ашықәс ҿыц! Иаҳзааиуа ашықәс ҿыц ҳтәылеи, ҳауаажәлари иаҳзаанагааит акзаара, ақәҿиарақәа, аизҳазыӷьара, аманшәалара. Аҳра ауааит аилибакаара. Иҳаҩсуа ашықәс иагааит аиқәымшәарақәа, аиҿагыларақәа зегьы, ашықәс ҿыц иаҳзаанагааит абзиареи, аҭынчреи, абзиабареи.

Ишәыдныҳәалаз иааиуа Ашықәс ҿыц! Ҽааныбзиала!

Subscribe to Syndicate